Абри авебдаҟьа зызкуи?

Аҧсны ма Цхинвалтәи арегионаҿ унхозар,  абри авебдаҟьа уара иузкуп. Араҟа шаҟа алшарақәа умоу еилукаауеит, урҭ ирызкны иумаҳацзаргьы ҟалап. Абарҭ алшарақәа убас иааигәоуп,  урҭ рхәархәара убас иузыманшәалоуп,  иахьа уажәраанӡа схы изасмырхәозеи ҳәа уамашәа иубар ҟалап. Уара узы,  иаҳа еиҕьу уҧеиҧш азы, иаҳа илашоу  аперспективазоуп изаҧҵоу иахьаҵәҟьа зхархәара улшо абарҭ апрограммақәеи асервисқәеи. 


Зыӡбахәы ҳәоу апрограммақәеи асервисқәеи ирызкны еилукаауеит абри авебдаҟьа ала. Апрограмма цыҧхьаӡа ухы ишаурхәаша азы инарҭбаау аинформациа уоуеит. Уи абзоурала,  адунеи ҿыц узаазыртуа  алшара ҿыцқәа рқәыҧшылара аартра шымариоу еилукаар улшоит.  

svg
Раҧхьатәи ашьаҿа ҟаҵа
svg
Угәабзиара уацклаҧшла
svg
Аҵара бзиа аиура
svg
Иҟаҵа абизнес
svg
Аҳәаақәа аарты

Уара иумоуп алшара зынӡа иҿыцу алшарақәеи аперспективақәеи раартразы. Ихадоу – аӡбара адкылареи, иахьатәи аҭагылазаашьа аԥсахреи, еиӷьу аԥсҭазаара алагараҿы ишәыцхраауа алшарақәа рхархәареи рзы актәи ашьаҿа аргылара ауп.

 

Уареи уҭаацәара алахәылацәеи шәгәы бзиамзар, егьирахь иҟоу зегьы  акгьы иаҧсам. Аҧсни Цхинвалтәи арегиони ирықәынхо ауааҧсыра, хәыда-ҧсада, зхаҭабзиара ҳараку агәабзиарахьчаратә маҵзура роур рылшоит. Иаҭаххар, еиуеиҧшым амедицинатә маҵзурақәа раиуреи Қырҭтәыла иҟоу иарбанзаалак алиникаҿы аҽыхәышәтәреи улшоит. Уареи уҭаацәара алахәылацәеи шәгәабзиара иахылаҧшуеит зыҩаӡара ҳаракӡоу апрофессионалтә ҳақьымцәа. 

 

Аҧеиҧш азхәыцреи аиҷаҳареи иалагоит аҵара бзиа аиурала. Аҵара бзиа абзоуралоуп ухы уақәгәыҕо, аҳасабтә ҿыцқәа рыдкылареи рыӡбареи ишулшо.  Уара, аҩаӡарақәа зегьы рҿы, хыда-ҧсада,  зыҩаӡара ҳараку аҵара уоур улшоит; Қырҭтәыла иреиҕьу аҵараиурҭақәа рҿы аҵареи, афинансқәа раиуреи, Европеи Америкеи иреиҕьу ауниверситетқәа рҿы абакалавртә, амагистртә, ма адоктортә программақәа рзы аҵара анагӡареи  улшоит. 

 

Асоциалтә ҭагылазаашьа цәгьеи  ари аганахьала аперспектива аҟамзаареи ауп зегьы реиҳа агәыҕрадара зхылҵуа.  Уара абри аҭагылазаашьа алҵреи ухатә социал-економикатә ҭагылазаашьа аиҕьтәреи азыҳәан ареалтә алшара умоуп. Аидеиа умазар, аекономикатә /бизнес усура уалагар уҭахызар, уигьы иазхоит, ари ахықәкы анагӡаразы иаҭаху афинансқәа раиуразы ашанс иоуеит, стартап ҿыц арҿиареи, ахәаахәҭра аҽалархәреи, анаплакы аҧҵареи, еиуеиҧшым аџьармыкьа дуӡӡақәа рахь аалыҵ анагареи, мамзаргьы, абизнес арҿиаразы иацҵаны афинансқәа рыҧшаареи улшоит. Иара убас, унаплакы еиуеиҧшым ашәахтәқәеи ахашәалазы  ашәахтәи, иацҵоу ахәҧсазы ашәахтәи рҟынтә ахақәиҭтәреи, зхы иақәиҭу ахәаахәҭра азин ҷыдақәа рхархәареи улшоит. 


Уара, аҩны удәылымҵкәа, иарбанзаалак авиза ада Европеи адунеи атәылақәа рацәа рахь аныҟәара алшара узҭоу адокументқәа раиура шулшо удыруазма? Иара убас, асоциал-економикатә маҵзурақәа рхархәара угәы иҭазар, аҩны удәылымҵкәа, имарианы  арегистрациа уахысны, анетралтә формала, иарбанзаалак адокументқәа рыда, уара узы иаҧҵоу апрограммақәа ухы иаурхәар улшоит.  


Иухаумыршҭын, раҧхьатәи ашьаҿа аҟаҵара уҭахызароуп, абри ауп ихадоу, анеҩс, уареи уҭаацәареи шәмышхәыбзазареи  иаҳа еиҕьу аҧеиҧши  аиқәыршәаразы  иҵегьы имаҷымкәа алшарақәа ааурҧшуеит. 

ШӘГӘАБЗИАРА ШӘАШЬКЛАԥШЛА, ҚЫРҬТӘЫЛЕИ АДУНЕИ АҾЫ ИРЕИӶЬУ АКЛИНИКАҚӘА РҾЫ ИРЕИӶЬУ АХӘЫШӘТӘРАТӘ МАҴЗУРАҚӘА ШӘОУРОУП

 

ЖӘИԥШЬ НЫЗҚЬҨЫК ИНАРЕИҲАНЫ АԥСНИ ЦХИНВАЛТӘИ АРАИОНИ АУААԥСЫРА ҚЫРҬТӘЫЛАТӘИ АХӘЫШӘТӘЫРҬАҚӘА РҾЫ АГӘАБЗИАРАХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРАҚӘА РОУИТ

0

ачымазаҩцәа рыдкылара

0

миллион лари инареиҳаны афинанстә цхыраара

ҚЫРҬТӘЫЛА ИРЕИӶЬУ АҴАРАИУРҬАҚӘЕИ АЗАНААҬТӘ ШКОЛҚӘЕИ РҾЫ АҴАРА АИУРА

 

ИРЕИҲАУ АҴАРА АҲӘААНЫРЦӘ, ЕВРОПЕИ АМЕРИКАТӘИИ АУНИВЕРСИТЕТҚӘА РҾЫ

0

ҩык иҭалаз астудентцәа

0

миллион лари инеиҳаны афинансркра

0

инареиҳаны еицырзеиԥшу абизнес-проектқәа

0

миллион лари акоммерциатә грантқәа