Лассы иуҧымло ачымазарақәа змоу, иара убас, иааиҧмырҟьаӡакәа аԥсахратә терапиа зхызго ачымазцәеи рыхәшәтәра

Лассы иуҧымло ачымазарақәас иҧхьаӡоуп: 

  •  2 000ҩык ауааҧсыра рзы  1 еиҵны апопулиациа змоу ачымазарақәа; 
  • аҧсҭазааразы ишәарҭоу ма/иара убас, алшарақәа рмаҷхара зхылҵуа ачымазарақәа;
  • ахроникатә формала, лассы-лассы ихьанҭаны имҩаҧысуа ачымазарақәа; 
  • амультидисциплинатә хылаҧшра зҭаху ачымазарақәа.


 Зхы иазырхәар зылшо ауааҧсыра:

 

Лассы иуҧымло ачымазарақәа змоу, иара убас, иааиҧмырҟьаӡакәа аԥсахратә терапиа зхызго ачымазцәеи  рыхәшәтәра апрограмма рхы иадырхәар рылшоит Аҧсни Цхинвалтәи арегиони ирықәынхо ауааҧсыра.

 

Апрограмма аҳәаақәа:

 

Апрограмма хықәкыс иамоуп  лассы иуҧымло ачымазарақәа змоу, иара убас, иааиҧмырҟьаӡакәа аԥсахратә терапиа зхызго ачымазцәеи ргәабзиара аҭагылазаашьа аиҕьтәра амедицинатә маҵзуреи ахәшәқәеи рыла реиқәыршәара ала. 


Апрограммала иазҧхьагәаҭоуп лассы иуҧымло ачымазарақәа змоу, 18 шықәсанӡа зхыҵуа ахәыҷқәа амбулаториатә маҵзура рыҭара. Апрограммала иазҧхьагәаҭоу анозологиақәа инрықәыршәаны, – аҳақьым  (аспециалистцәагьы) иконсультациеи, лассы иуҧымло ачымазара амбулаториатә хылаҧшаразы зда ҧсыхәа иҟам аклинико-лабораториатәи аинструменттәи гәаҭарақәа рымҩаҧгареи, арецептқәеи амедицинатә аилыркаагақәеи рыҭареи. 

Иара убас, апрограммала иазҧхьагәаҭоуп лассы иуҧымло ачымазарақәа змоу, иара убас, иааиҧмырҟьаӡакәа аԥсахратә терапиа зхызго, зхәышәтәра ҟало, 18 шықәсанӡа зхыҵуа ахәыҷқәа  астационартә маҵзура рзеиқәыршәареи, иара убас, агемофилиеи ашьа ажәпахара иадҳәалоу егьырҭ апаталогиа лаҽқәеи рыла ичмазаҩу ахәыҷқәеи ахбыџқәеи амбулаториатәи астационартәи маҵзура рзеиқәыршәареи. 


Апрограммала иазҧхьагәаҭоуп лассы иуҧымло ачымазарақәа змоу апациентцәа ахәшә ҷыдақәа рыла реиқәыршәара. 

 

 

Апрограмма аҽалархәреи ицәыргатәу адокументқәеи:

 

Апрограмма аҽалархәра амзызла, Аҧсны ма Цхинвалтәи арегионаҿ инхо ауаҩҧсы: 

 

  • Ашәҟәҭаҩра ашьаҭала хаҭалатәи аномер ианашьазароуп; мамзаргьы, 
  • Ахаҭара зыршаҳаҭуа анеитралтә агәраргага ма анеитралтә аныҟәаратә документ, мамзаргьы, 
  • Қырҭтәыла атәылауаҩ ихаҭара зыршаҳаҭуа адокумент  имазароуп. 

 

Амедицинатә маҵзура аиуразы, апациент,  авеб-даҟьаҿ иарбоу амедицинатә усбарҭақәа руакы дадҵаалароуп: https://nha.moh.gov.ge/ge/c/ishviati-daavadebis-mqone-da-mudmiv-chanacvlebit-mkurnalobas-daqvemdebarebul-pacientta-mkurnaloba  

 

 

Апрограмма аҧара азоушьҭра:

 

Лассы иуҧымло ачымазарақәа змоу, иара убас, иааиҧмырҟьаӡакәа аԥсахратә терапиа зхызго ачымазцәеи  рыхәшәтәра апрограмма инагӡаны аҧара азоушьҭуп, апациент аицшәара иқәшәом. 

0

ачымазаҩцәа рыдкылара

0

миллион лари инареиҳаны афинанстә цхыраара