Агепатит ахәышәтәра апрограмма

Зхы иазырхәар зылшо ауааҧсыра:

 

Агепатит ахәышәтәра апрограмма рхы иадырхәар рылшоит Аҧсни Цхинвалтәи арегиони ирықәынхо ауааҧсыра.  


Апрограммала иазҧхьагәаҭоуп  C-и   B-и  агепатитқәа рыхәшәтәра:


• Адиагностикатә ҭҵаарақәа рымҩаҧгара 

• C-и  B-и агепатитқәа рыхәшәтәра  (ахәшәқәа рыла аиқәыршәара)

• Ахәышәтәратә процесс амониторинг


Апрограмма аҽалархәреи ицәыргатәу адокументқәеи:

 

Апрограмма аҽалархәра амзызла, Аҧсни Цхинвалтәи арегиони ирықәынхо ауаҩҧсы: 

  • Ашәҟәҭаҩра ашьаҭала ахатә номер ианашьазароуп; мамзаргьы,
  • Ахаҭара зыршаҳаҭуа анеитралтә документ ма анеитралтә аныҟәаратә документ, мамзаргьы, 
  • Қырҭтәыла атәылауаҩ ихаҭара зыршаҳаҭуа адокумент имазароуп. 

 

Амедицинатә маҵзура аиуразы, апациент, авеб-даҟьаҿ иарбоу амедицинатә усбарҭақәа руакы дадҵаалароуп: https://nha.moh.gov.ge/ge/c/c-hepatiti 

 

Апрограмма аҧара азоушьҭра:

 

Ахәышәтәратә курс наӡа, адиагностика инаркны ахәышәтәра апроцесс иналаҵаны  (ахәшәқәа, амониторингтә ҭҵаарақәа) хәыда-ҧсада имҩаҧысуеит. 


Апрограмма иалахәу апациентцәа зегьы хәыда-ҧсада ироуеит абиҧара ҿыц иаҵанакәа, аеффективра ду змоу,  агантәи аеффектқәа рмаҷрала иалкаау ахәшәқәа. 

 

Иацу аинформациа:

 

C агепатит аелиминациа апрограмма иалагеит  2015 шықәса мшаҧы  21 рзы. Апроект нанагӡоит Қырҭтәыла имыпҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә ахҵәацәеи, аџьауси,  агәабзиарахьчареи, асоциалтә аиқәыршәареи рзы аминистрра.   Апроект  мҩаҧысуеит Иеиду Америкатә Штатқәа Ачымазарақәа рхылаҧшра ацентри ахәшәқәа ҭзыжьуа аилахәыра  „Гилеад"-и рыцхыраарала. 

 

2024 шықәса мшаҧы инаркны агепатитқәа рыхәшәтәра апрограмма иацлеит „B агепатит ахәышәтәра“ акомпонентгьы. 

 

 

Инарҭбаау аинформациа шәахәаҧшhttps://nha.moh.gov.ge/ge/c/c-hepatiti

0

ачымазаҩцәа рыдкылара

0

миллион лари инареиҳаны афинанстә цхыраара