Аилахәыра Аҿар рагентра, ақыҭа Анаклиеи Шаортәи аӡеизакырҭа иаҧну аҵакырадгьыли рҿы есышықәса имҩаҧнагоит аҧхынтәи аҿартә лагер, уи Аҧсни Цхинвалтәи арегиони ирықәынхо аҿаргьы ирызкуп.
Алагер алахәызааразы аквота ҷыдақәа шьақәыргылоуп, Аҧснытәи автономтә республикеи ҧасатәи Аахыҵ Уаҧстәыла администрациеи рыла иқәыргылоу ахаҿқәа рзгьы.
Иара убас, аилахәыра Аҿар рагентра, есышықәса аанацҳауеит аҿартә аиҿкаарақәа рырҕәҕәара иазку агранттә конкурс.
2024 шықәсазы ирылаҳәаз аконкурс аҿы аҧыжәара аман "Аҭынчра аиқәыршәареи акультурабжьаратә диалоги, аетникатә аиҵарақәа ринтеграциагьы уахь иналаҵаны"
2024 шықәсазы, есымза, 13-25 арыцхәқәа рзы, арегионалтә аҿартә инициативақәа рыдгыларазы арзаҳалқәа рыдкылара иалагоит, ари апроцессаҿ аҧыжәара рымоуп Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рҿы иҟоу, абарҭ арегионқәа ирықәынхо аҿар асевисқәеи алшарақәеи рзеиқәзыршәо аиҿкаарақәа.
Иара убас, аилахәыра Аҿар рагентра, ашықәс иалагӡаны имҩаҧнагоит
"Аҿартә уснагӡатәқәа рыцхраара апрограмма", уи аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуа ауснагӡатәқәа рхы рыладырхәыр рылшоит Аҧсни Цхинвалтәи арегиони ирықәынхо аҿар.
Инарҭбаау аинформациа шәахәаҧш :
- https://youthagency.gov.ge/
Аимадаразы аинформациа: аилахәыра Аҿар рагентра: 032 230 51 65; аел. ҧошьҭа:
info@youthagency.gov.ge