Зхы иазырхәар зылшо ауааҧсыра:
Анацәеи рхылҵи ргәабзиара апрограмма ахархәара рылшоит Аҧсни Цхинвалтәи арегиони ирықәынхо ауааҧсыра.
Апрограмма аҳәаақәа:
Апрограмма хықәкыс иамоуп зцәазтәым аҳәсеи ҿыц ииз асабицәеи амедицинатә ацклаҧшра рзеиқәыршәареи, рхылаҧшреи, ргәабзиара аганахьала иҟалар зылшо ауадаҩрақәа рпревенциеи.
Апрограммала иазҧхьагәаҭоуп зцәазтәым аҳәсеи ҿыц ииз асабицәеи рзы еиуеиҧшым амедицинатә маҵзуреи, ахәшәқәа рыла реиқәыршәареи агеографиатә ганахьала ирзыманшәалоу аҭыҧаҿ.
Апрограммала иазҧхьагәаҭоуп абарҭ асервисқәа:
- зцәазтәым аҳәса рхылаҧшра, ахшараиура ашьҭахьтәи авизитгьы уахь иналаҵаны (ахшараиура инаркны 0-2 мчыбжьык ирылагӡаны), амеан-гинеколог ивизит азы аҭахра инақәыршәаны);
- зцәазтәым аҳәса рыгәҭа В-и С-и агепатитқәеи, АИВ-инфекциа/АИДСи, асифилиси аҳәаақәҵареи, иара убас, ан лҟынтә лхылҵ иахь В агепатит аиасра апревенциа аиқәыршәареи;
- асифилис азы агәҩара иҟазар, амедицинатә маҵзура;
- агенетикатә патологиақәа иаамҭаны раарҧшра;
- ҿыц ииз асабицәеи ахәыҷқәеи агипотиреози, афенилкетонуриеи, агиперфенилаланинемиеи, амуковисцидози, агалактоземиеи, адреногениталтә синдроми, абиотинидаза адефицити рзы аскрининг рзыҟаҵара;
- ҿыц ииз асабицәа рлымҳатә органқәа ргәаҭара;
- афармацевтикатә аалыҵ (афолиатәаҵәҵәыреи аихатәпрепаратқәеи ) рыла реиқәыршәара.
Апрограммала иазҧхьагәаҭоу ахшараиуранӡатәи ахылаԥшра амаҵзура ахархәаразы, раҧхьа иргыланы, аҧҳәыс, лцәалтәымра 13 мчыбжьы ирхымгакәа, зцәазтәым аҳәса рпрограмма иалахәу амедицинатә усбарҭаҿы арегистрациа дахысроуп.
Апрограмма аҽалархәреи ицәыргатәу адокументқәеи:
Апрограмма аҽалархәра амзызла, Аҧсны ма Цхинвалтәи арегионаҿ инхо ауаҩҧсы:
- Ашәҟәҭаҩра ашьаҭала хаҭалатәи аномер ианашьазароуп; мамзаргьы,
- Ахаҭара зыршаҳаҭуа анеитралтә агәраргага ма анеитралтә аныҟәаратә документ, мамзаргьы
- Қырҭтәыла атәылауаҩ ихаҭара зыршаҳаҭуа адокумент имазароуп.
Амедицинатә маҵзура аиуразы, апациент, авеб-даҟьаҿ иарбоу амедицинатә усбарҭақәа руакы дадҵаалароуп: https://nha.moh.gov.ge/ge/c/dedata-da-bavshvta-janmrteloba
Апрограмма аҧара азоушьҭра:
Анацәеи рхылҵи ргәабзиара апрограмма инагӡаны аҧара азоушьҭуп, апациент аицшәара иқәшәом.