Ахаҭара зыршаҳаҭуа анеитралтә гәраргага

Ахаҭара зыршаҳаҭуа анеитралтә гәраргага Аҧсни Цхинвалтәи арегиони ирықәынхо ауааҧсыра рзы иаҧҵоу, анеитралтәи агәыҳалалратәи хықәкқәа рынагӡара иазку алшара/адокументуп, уи ауаҩы ихаҭара шьақәнарҕәҕәоит, аха, ари адокументла  Қырҭтәыла атәылауаҩра иазҧхьагәаҭам. 

 

Аҧсны иқәынхо ауааҧсыра рзы Ахаҭара зыршаҳаҭуа анеитралтә гәраргага кьыҧхьуп, егьхарҭәаауп ақырҭшәалагьы аҧсышәалагьы, Цхинвалтәи арегион иқәынхо ауааҧсыра рзы  – ақырҭшәалеи ауаҧс бызшәалеи. 


Аҧсны ма Цхинвалтәи арегионаҿ инхо ауаҩы Ахаҭара зыршаҳаҭуа анеитралтә гәраргага имазар, агәабзиарахьчара апрограмма аҽалархәреи еиуеиҧшым асервисқәа рхархәареи  (амалаҳагьы), иреиҳаӡоу аҵараиурҭа аҭалареи уаҟа аҵареи, афинансыркра/агрант аиуреи, аилахәыра ашьаҭакреи, аекономикатә усура алагареи, абанктә хыҧхьаӡара аартреи илшоит. 

 

 Ахаҭара зыршаҳаҭуа анеитралтә гәраргага аиуразы иарбан документқәоу иаҭаху?

 

Ахаҭара зыршаҳаҭуа анеитралтә гәраргага аиуразы, иазҿлымҳау ауаҩы, Аҳәынҭқарратә сервисқәа рырҿиара агентра (атәылауаҩратә реестр) иарбанзаалак аҵакырадгьылтә маҵзура, ма Аиустициа аҩны иарбанзаалак афилиал дадҵаалароуп, мамзаргьы, агентра анахаралатә маҵзура ихы иаирхәароуп.  

 

Аҩны шәдәылымҵкәа Ахаҭара зыршаҳаҭуа анеитралтә гәраргага   шәоурц азыҳәан, аелектронтә арзаҳал хашәырҭәаароуп (арзаҳал аформа жәбар шәылшоит абра –   https://sda.gov.ge/?page_id=14822), арзаҳал иацзароуп абиометриатә фотоҭыхымҭеи, иаҭаххар, азакәанҧҵарала иазҧхьагәаҭоу, ҵаҟа еиқәыҧхьаӡоу егьырҭ адокументқәеи. 

 

Адокументқәа аелектронтә формала ицәыргазар, иазҿлымҳау ахаҿы, арзаҳал арегистрациа инаркны  5 мшы рыҩныҵҟала, аматериалтә формала адокументқәа зегьы рцәыргара иуалуп. 

 

Ауаҩы раҧхьаӡа акәны Ахаҭара зыршаҳаҭуа анеитралтә гәраргага игозар, зыӡбахәы ҳәоу адокумент аиуразы ицәыригароуп ихаҭара аидентификаициазы иаҭаху абарҭ адокументқәа руакы:

  • Ҧасатәи Асоветтә Социалисттә Республикақәа Реидгыла асимволика зну атәылауаҩшәҟәы;
  • Аҧсны ма Цхинвалтәи арегионаҿ иҭоу аира ма ахаҭара зыршаҳаҭуа адокумент;
  • Аҧсны ма Цхинвалтәи арегионаҿ дшынхо зыршаҳаҭуа адокумент;
  • Абиометриатә фотоҭыхымҭа 3,5 X 4,5 см., аелектронтә формала (афото аҭыхра ҟалоит аҭыҧаҿыҵәҟьа).


Ауаҩы Ахаҭара зыршаҳаҭуа анеитралтә гәраргага иоухьазар, ари адокумент аиҭагара/аҧсахразы ауаҩы афотоҭыхымҭа мацара цәыригароуп.  

 

Аҧсны ма Цхинвалтәи арегионаҿ  (закәанла) анхара афакт ашьақәырҕәҕәаразы  иарбан документқәоу иаҭаху?

 

Аҧснытәи автономтә республикеи Цхинвалтәи арегиони рҿы (закәанла) анхара афакт ашьақәырҕәҕәаразы  ахархәара рымазар ауеит абарҭ адокументқәа:

 

  • Ҧасатәи Асоветтә Социалисттә Республикақәа Реидгыла атәылауаҩшәҟәы аҿы ауаҩы инхарҭаҭыҧ иазкны иҟаҵоу анҵамҭа;
  • Аҧснытәи автономтә республика ма ҧасатәи Аахыҵ Уаҧстәылатәи автономтә округ аҟынтәи аилкаа ауаҩы иашьашәалоу аҵакырадгьылаҿ инхара афакт шьақәзырҕәҕәо;
  • Зықәра наӡам/аусура злымшо ауаҩы, иара убас, 1992 шықәса ҧхынҷкәын 31 анеҩс ииз ауаҩы ицәыригароуп аира ма ахаҭара зыршаҳаҭуа даҽа документки, аҭаацәа/ахылаҧшҩы ҧасатәи Асоветтә Социалисттә Республикақәа Реидгыла атәылауаҩшәҟәы аҟны иҭыӡҭыҧ иазкны иҟаҵоу анҵамҭа, мамзаргьы, иашьашәалоу административ–аҵакырадгьылтә ак администрациа аҟынтә аилкаа зыӡбахәы ҳәоу ауаҩы иашьашәалоу аҵакырадгьылаҿ инхара афакт шьақәзырҕәҕәо, мамзаргьы, (имазар) Ахаҭара зыршаҳаҭуа анеитралтә гәраргага /Анеитралтә аныҟәаратә документ. 

 

Ахаҭара зыршаҳаҭуа анеитралтә гәраргага онлаин арежимаҿ  аиуразы иарбан атехникатә лшарақәоу иаҭаху?

 

Ахаҭара зыршаҳаҭуа анеитралтә гәраргага анлаин арежимаҿ аиуразы ишәҭаххоит авебкамереи, алымҳахаҵақәеи, амикрофони. 

 

Ахаҭара зыршаҳаҭуа анеитралтә гәраргага  ахәҧсеи уи армазеира аҿҳәареи

Ахаҭара зыршаҳаҭуа анеитралтә гәраргага дырмазеиуеит адокументқәа рцәыргара инаркны аусуратә жәамш рыҩныҵҟала, адокумент армазеира  10 лари иаҧсоуп. 

 

Ирмазеиу Ахаҭара зыршаҳаҭуа анеитралтә гәраргага ишҧасоуа?

 

Арзаҳал алазҵаз ауаҩы адокумент агаразы изыманшәалоу аформа алихыр илшоит: ирмазеиу адокумент аҧошьҭала иоур илшоит, адокумент агаразы азинмчы змоу ахаҿы даирбар илшоит, мамзаргьы, иара ихаҭа адокумент игар илшоит.  

 

Адокумент иара ихаҭа, ма, азинмчы змоу ауаҩы игозар, адокумент агара ҭыҧны иарбазар ауеит изыманшәалоу/иара ииҭаху Аиустициа аҩны ма асервисқәа рырҿиара агентра  (атәылауаҩратә реестр) аҵакырадгьылтә маҵзура. 

 

Ахаҭара зыршаҳаҭуа анеитралтә гәраргага армазеира ахәҧса ишҧашәатәу?

 

Ахаҭара зыршаҳаҭуа анеитралтә гәраргага аиура амаҵзура ахәҧса шәшәар шәылшоит онлаин арежимаҿ, аелектронтә арзаҳал ахарҭәаара аан, апластикатә картала, мамзаргьы, абанк ашҟа шәнеины аҭыҧаҿы ишәшәар шәылшоит. 

 

Арзаҳал  ашәҟәы иҭагалоу иҭамыҩу ишҧеилкаатәу?

 

Арзаҳал қәҿиарала ашәҟәы иҭаҩзар, арзаҳал аҿы иарбоу аелектронтә ҧошьҭала адырра шәоуеит зыӡбахәы ҳәоу апроцедура қәҿиарала ишымҩаҧгаз азы, уааҵәҟьа ианызаауеит  арзаҳал аномери арзаҳал абара злашәылшо акоди. 


Азгәаҭа: Арзаҳал рыдыркылеит ҳәа иҧхьаӡахоит арзаҳал алазҵо ауаҩы анахаралатә маҵзура аусзуҩ авидеоҵәҵәала диацәажәаны, иашьашәалоу авидеонҵамҭа аныҟарҵалак ашьҭахь. 

 

 

Иарбан ҭагылазаашьақәоу онлаин арежимла Ахаҭара зыршаҳаҭуа анеитралтә гәраргага аиуразы  мап сцәыркыр аныҟало?

 

Анахаралатә маҵзурала Ахаҭара зыршаҳаҭуа анеитралтә гәраргага аиура  ҟалоит арзаҳал иалазҵо ауаҩи арзаҳал адкыларазы азинмчы змоу ахаҿи аелектронтә коммуникациала  ишиашо авизуалтә аимадаразы алшара рымазар, насгьы, иашьашәалоу адокумент аҭаразы азакәанҧҵарала иазҧхьагәаҭоу адокументқәа зегьы цәыргазар. 

 

Инаҭбаау аинформациа шәахәаҧш - https://sda.gov.ge/?page_id=14822 

Аимадаразы аинформациа  - (+99532) 2401010, (+995 32) 2405405