Иузымхәышәтәуа апациентцәа рпаллиативтә хылаҧшра

Зхы иазырхәар зылшо ауааҧсыра:

Иузымхәышәтәуа апациентцәа рпаллиативтә хылаҧшра  апрограмма рхы иадырхәар рылшоит Аҧсни Цхинвалтәи арегиони ирықәынхо ауааҧсыра.  

 


Апрограмма аҳәаақәа:

 

Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, иузымхәышәтәуа апациентцәа рыҧсҭазаашьа аиҕьтәра амзызла, апрограмма ахархәаҩцәа астационартә маҵзуреи, иара убас, зда ҧсыхәар рымам  (анаркологиатә ахьаартәагақәа) ахәшәқәеи роур рылшоит. 

 

Иузымхәышәтәуа чымазарақәак раан апациент, ихьаа зыртәаша, адискомфорт аҧырзхша, иҧсҭазаашьа еиҕьазтәша ахәшәқәа идикылароуп. Иузымхәышәтәуа апациентцәа рпаллиативтә хылаҧшра  апрограмма апациентцәа абри аҩыза амаҵзура рыднагалоит. 

 

Иузымхәышәтәуа апациентцәа астационартә паллиативтә хылаҧшра  аусбарҭашҟа инагатәызар, ари амаҵзура нарыгӡоит арефералтә цхыраара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны. 

 

Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, ахәшәқәа рыла еиқәыршәоуп  аҳақьым ибжьагарала аҩны анаркотиктә ахьаартәагатә ахәшәқәа зҭаху иузымхәышәтәуа апациентцәа.  Апациент ахәшәқәа иоуеит хәыда-ҧсада, аицшәара ада. 

 

Апрограмма аҽалархәреи ицәыргатәу адокументқәеи:

 

Апрограмма аҽалархәра амзызла, Аҧсны ма Цхинвалтәи арегионаҿ инхо ауаҩҧсы: 

 

  • Ашәҟәҭаҩра ашьаҭала хаҭалатәи аномер ианашьазароуп; мамзаргьы, 
  • Ахаҭара зыршаҳаҭуа анеитралтә  агәраргага ма анеитралтә аныҟәаратә документ имазароуп. 

 

Амедицинатә цхыраара аиуразы, апациент, абри авеб-даҟьаҿ иарбоу амедицинатә усбарҭақәа руакы дадҵаалароу: https://nha.moh.gov.ge/ge/c/inkurabelur-pacientta-paliatiuri--mzrunveloba       

 

Апрограмма аҧара азоушьҭра: 

 

Апаллиативтә хылаҧшра зҭаху апациентцәа рзы астационартә маҵзура аҧара азоурышьҭуеит аиарҭамш инақәыршәаны,  уи ахә  75 лари еиҳамзароуп. Ахархәаҩ  30% аицшәара иқәшәоит. Иара убас, апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, ахархәаҩ  10% - 20% ашәара иақәшәар ауеит, мамзаргьы амаҵзура инагӡаны аҧара азоушьҭхоит. 

 

Инарҭбаау аинформациаhttps://nha.moh.gov.ge/ge/c/inkurabelur-pacientta-paliatiuri--mzrunveloba 

0

ачымазаҩцәа рыдкылара

0

миллион лари инареиҳаны афинанстә цхыраара