Анаркоманиа ачымазара змоу апациентцәа рыхәшәтәра

Зхы иазырхәар зылшо ауааҧсыра:

 

Анаркоманиа ачымазара змоу апациентцәа рыхәшәтәра апрограмма рхы иадырхәар  рылшоит Аҧсни Цхинвалтәи арегиони ирықәынхо ауааҧсыра.  


Апрограмма аҳәаақәа:

 

Анаркоманиа ачымазара змоу апациентцәа рыхәшәтәра апрограммала иазҧхьагәаҭоуп астационартә детоқсикациеи раҧхьатәи аиҭашьақәыргылареи,  иара убас,  еиҭакуа атерапиа амҩаҧгареи.  Иара убас, апрограммала иазҧхьагәаҭоуп аҩыжәра амшала аҧсихикатәи ахымҩаҧгашьатәи аилагарақәа астационараҿ рыхәшәтәра агеографиатә ҭыҧ аманшәалара иазҧхьагәаҭаны.

 

Апрограмма аҽалархәреи ицәыргатәу адокументқәеи:

 

 

Апрограмма аҽалархәра амзызла, Аҧсны ма Цхинвалтәи арегионаҿ инхо ауаҩҧсы: 

 

  • Ашәҟәҭаҩра ашьаҭала хаҭалатәи аномер ианашьазароуп; мамзаргьы, 
  • Анеитралтә ахаҭара зыршаҳаҭуа агәраргага ма анеитралтә аныҟәаратә документ, мамзаргьы, 
  • Қырҭтәыла атәылауаҩ ихаҭара зыршаҳаҭуа адокумент  имазароуп. 

 

Амедицинатә маҵзура аиуразы, апациент,  Агәабзиара амилаҭтә центр арзаҳал алеиҵароуп, арзаҳал иацзароуп амедицинатә маҵзура ахьиоуа амедицинатә усбарҭа аҟынтә аформа  NIV-100/ა (апациент аформа NIV-100/а иҭазароуп арзаҳал алеиҵаанӡа 15 амзартә мшы ирылагӡаны). 

 

Апрограмма аҧара азоушьҭра:

 

„Астационартә детоқсикациеи раҧхьатәи аиҭашьақәыргылареи акомпонент“ аҳәаақәа ирҭагӡаны, анаркоманиа ачымазара змоу апациентцәа рыхәшәтәра инагӡаны аҧара азоужьҭуп.  


Еиҭакуа атерапиа амҩаҧгареи, апациент еиҭакуа анаркотик иҭареи, иара убас, апрограмма ахархәаҩцәа ахәшәқәа рыла реиқәыршәареи мҩаҧысуеит хәыда-ҧсада (аицшәара ада).

Аҩыжәра амшала аҧсихикатәи ахымҩаҧгашьатәи аилагарақәа астационараҿ рыхәшәтәра аҳәаақәа ирҭагӡаны, ахархәаҩ, фактла иҟоу ахарџьқәа рҟынтә 10% ишәароуп. 



 

Инарҭбаау аинформациа шәахәаҧшhttps://nha.moh.gov.ge/ge/c/narkomaniit-daavadebul-pacientta-mkurnaloba 

0

ачымазаҩцәа рыдкылара

0

миллион лари инареиҳаны афинанстә цхыраара