Арефералтә маҵзура апрограмма

Зхы иазырхәар зылшо  ауааҧсыра:


Арефералтә маҵзура апрограмма рхы иадырхәар рылшоит Аҧсни  Цхинвалтәи арегиони ирықәынхо ауааҧсыра.  

 

Ицәыргатәу адокументқәа:

 

Амедицинатә маҵзура аиура амзызла, иашьашәалоу адокументациа цәыргатәуп:

  • Аҧснытәи автономтә республика Агәабзиарахьчареи асоциалтә ахьчареи аминистрраҿы   (адокументқәа наргароуп Аҧсны арегион иқәынхо ауааҧсыра мацара); мамзаргьы, 
  • ҧасатәи Аахыҵ Уаҧстәыла автономтә округ аамҭалатәи администрациаҿы (адокументқәа наргароуп Цхинвалтәи арегион иқәынхо ауааҧсыра мацара); мамзаргьы,
  • Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр иаппарат аҿы (адокументқәа наргароуп Аҧсни, иара убас, Цхинвалтәи арегиони ирықәынхо ауааҧсыра)

 

Ҵаҟа еиқәыҧхьаӡоу адокументқәа цәыргазар ауеит  аелектронтә формала, иара убас, апациент ихаҭа, мамзаргьы, ихаҭарнак инеигар илшоит:

✔ аформа №IV-100/а;

✔ амедицинатә усбарҭа аҟынтә амаҵзура ахарџьқәа ирызку  ашәатәбҕьыци  (инарҭбаау акалькулиациала) аҳәара аномери;

✔ апациент имоу ахаҭара зыршаҳаҭуа иарбанзаалак агәраргага ахкьыҧхьаа;

✔ Аҧснытәи автономтә республика Агәабзиарахьчареи асоциалтә ахьчареи рзы аминистрра / Аахыҵ Уаҧстәыла администрациа анапхгаҩы ма аҳәынҭқарратә министр ихьӡала арзаҳал  (иашьашәалоу амедицинатә аҭахра ахцәажәарала); арзаҳал азҭо инапынҵеи арзаҳал азҭо иҟны аимадаразы аинформациеи рыла. 

 

Амедицинатә маҵзура аҧара азоужьҭра:

 

Амедицинатә маҵзура аҧара азоушьҭра иазкны аӡбара аднакылоит арефералтә комиссиа.  

 

Акомиссиа напхгагас иамоуп хыхь зыӡбахәы ҳәоу амедицинатә усбарҭа аҟынтә иаиуз аҳәара, уи иацуп апациент ицәыригаз адокументқәагьы.  

 

Акомиссиа алахәылацәа арзаҳал азҭаз ауаҩы аҧара изоушьҭра алшара иахәаҧшуеит, анеҩс, арзаҳал иазҭаз ауаҩы ирыдыркылаз аӡбара иазкны адырра ирҭоит (атексттә шьҭымҭа кьаҿ ала).

 

Апациент иреиҕьу аклиникақәа рҿы хәыда-ҧсада амедицинатә маҵзура иоуеит. Аҧара изоурышьҭуеит ишьақәыргылоу шықәсыктәи алимит  (15 000 лари) аҳәаақәа ирҭагӡаны. 

 

Аимадаразы аинформациа:

 

- Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр иаппарат: (+99532) 2931745

- Аҧснытәи автономтә республика Агәабзиарахьчареи асоциалтә аиқәыршәареи рзы аминистрра: (+995) 591634226

- ҧасатәи Аахыҵ Уаҧстәылатәи автономтә округ администрациа: (+995) 595958112

- Импыҵахалоу арегионқәа рҟынтә ахҵәацәеи, аџьауси, асоциалтә аиқәыршәареи рзы аминистрра Ацәаҳәа ҷыда: (+99532) 15 05


Хырҧашьа змам амедицинатә маҵзура:

 

Хырҧашьа змам амедицинатә ҭахрақәа раан, Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рҟынтә апациентцәа рымҩангара аҭахызар, Аҳәынҭқарратә министр иаппарат аилахәыра  „Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рхылаҧшреи хырҧашьа змам ацхыраареи ацентр“ ахь адырра ҟанаҵоит, убри ашьҭахь, акатастрофақәа рзы агәыҧ алахәылацәа апациент иашьашәалоу амедицинатә усбарҭашҟа диаргоит. 

 

Қырҭтәыла анапхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьылаҿ иҟоу, Аҧсны ма Цхинвалтәи арегионаҿ инхо апациент, хырҧашьа змам амедицинатә маҵзура иоурц азыҳәан,  Ауаажәларратә шәарҭадара ацентр дадҵаалар илшоит аномерла: 112

0

ачымазаҩцәа рыдкылара

0

миллион лари инареиҳаны афинанстә цхыраара