Атуберкулиоз ахәышәтәра

Зхы иазырхәар зылшо ауааҧсыра:

 

Атуберкулиоз ахәышәтәра апрограмма рхы иадырхәар рылшоит Аҧсни Цхинвалтәи арегиони ирықәынхо ауааҧсыра.  

 

 

Апрограмма аҳәаақәа:

 

Атуберкулиоз ахәышәтәра апрограммала иазҧхьагәаҭоуп атуберкулиоз адиагностиказы иаҭаху амедицинатә гәаҭарақәа  рымҩаҧгареи, иара убас, ахәышәтәра акурс наӡа иалагӡаны ахәшәқәа рыла аиқәыршәареи. 

 

Апрограммала иазҧхьагәаҭоуп амбулаториатәи, иара убас, астационартәи маҵзура. Атуберкулиоз адиагностика амзызла, апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны иазҧхьагәаҭоу агәаҭарақәа рышьаҭала атуберкулиоз адиагноз шьақәырҕәҕәазар, аҳақьым аконкреттә пациент иацҵаны изымҩаҧгатәу агәаҭарақәа ирызкны аӡбара идикылоит, анеҩс, апациент,   афтизиатр ихылаҧшрала аҽыхәшәтәра наигӡоит.  

 

Апрограмма аҽалархәреи ицәыргатәу адокументқәеи:

 

Апациент, аҭаацәаратә ҳақьым ибжьагарала, мамзаргьы, иара ихала, апрограмма мҩаҧызго амедицинатә усбарҭашҟа днеир илшоит. Раҧхьатәи авизит анеҩс, афтизиатр апациент иеиҳәоит агоспитальтә хәышәтәра иҭаху иҭахыму. 

 

Апрограмма аҽалархәра амзызла, Аҧсны ма Цхинвалтәи арегионаҿ инхо ауаҩҧсы: 

  • Ашәҟәҭаҩра ашьаҭала хаҭалатәи аномер ианашьазароуп; мамзаргьы, 
  • Анеитралтә ахаҭара зыршаҳаҭуа агәраргага ма анеитралтә аныҟәаратә документ, мамзаргьы, 
  • Қырҭтәыла атәылауаҩ ихаҭара зыршаҳаҭуа адокумент имазароуп. 

 

Амедицинатә маҵзура иоурц азыҳәан, апациент,  авеб-даҟьаҿ иарбоу амедицинатә усбарҭақәа руакы дадҵаалароуп: https://nha.moh.gov.ge/ge/c/tuberkulozis-martva 

 

Апрограмма аҧара азоушьҭра:

 

Апрограммала иазҧхьагәаҭоу амаҵзура ахарџьқәа зегьы аҳәынҭқарра ихнаҩоит, апациент аҧара ашәара иқәшәом. 


Апациент ахәшәтәразы иаҭаху ахәшәқәа зегьы хәыда-ҧсада иоуеит, иара арҭ ахәшәқәа идикылароуп амедицинатә персонал рхылаҧшрала, убри азыҳәан, иара ашәҟәы дахьану аҭыҧаҿ иҟоу амедицинатә усбарҭа дадҵаалароуп, мамзаргьы, аҳақьымцәа рҟны еиқәшаҳаҭрала, авидео хылаҧшра апринцип ихы иаирхәароуп. 

Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, амбулаториатә режимаҿ иҟоу апациент, еиҧҟьарада ахәшәқәа рыдкылара илшарц азыҳәан, иара изы аҧаратә цхыраара иазҧхьагәаҭоуп.  Апациент аҧаратә цхыраара иоуеит иара ихатә абанктә хыҧхьаӡарашҟа аҧара аиагара аформала, абанктә хыҧхьаӡара аартызароуп иарбанзаалак Қырҭтәылатәи абанк аҿы.   


Атуберкулиоз ачымазара амбулаториатә ҭагылазаашьаҿы қәҿиарала ахәышәтәра ҟалоит, араҟа ихадоу ахәшәқәа рыдкылара арежим ахьчароуп. Иаҭаххар, атуберкулиоз иадҳәалоу ахирургиатә ахәышәтәрагьы иуадаҩу агәаҭарақәагьы  аҧара рзоурышьҭуеит.  

0

ачымазаҩцәа рыдкылара

0

миллион лари инареиҳаны афинанстә цхыраара