Ауаҩҧсы ирегистрациеи (анеитралтә сахьала) хаҭалатәи аномер ианашьареи

Аҧсны ма Цхинвалтәи арегионаҿ инхо ауаҩы хаҭалатәи аномерла ирегистрациа – анеитралтәи агәыҳалалратәи хықәкқәа рзы иаҧҵоу ауаҩы иидентификациа амеханизмуп, уи ала Қырҭтәыла атәылауаҩра агара иазҧхьагәаҭам. 

 

Хаҭалатәи аномер – ауникалтә идентификациатә дырроуп, уи аҧсахра зыҟалом. Ауаҩы хаҭалатәи аномер ианаршьоит иҭыӡҭыҧ инақәыршәаны арегистрациа аан (аҭыӡҭыҧ иамырбакәа арегистрациа аангьы). 

 

Аҧсны ма Цхинвалтәи арегионаҿ инхо ауаҩы хаҭалатәи аномер иоур, агәабзиарахьчара апрограмма аҽалархәреи еиуеиҧшым асервисқәа рхархәареи (амалаҳагьы),  иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҭалареи уаҟа аҵареи, афинансыркра/агрант аиуреи, аекономикатә усура алагареи, абанктә хыҧхьаӡара аартреи илшоит. 

 

Арегистрациеи хаҭалатәи аномер аиуреи азы иарбан документқәоу иаҭаху?

 

Зықәра наӡоу, аусура зылшо ауаҩы, зықәра наӡам изакәантә хаҭарнак/ахылаҧшҩы, ма адгылаҩ, мамзаргьы, игәрага хаҭалатәи аномер иоурц азыҳәан,  Аҳәынҭқарратә сервисқәа рырҿиара агентра (атәылауаҩратә реестр) иарбанзаалак аҵакырадгьылтә маҵзура ма Аиустициа аҩны иарбанзаалак афилиал дадҵаалароуп, мамзаргьы анахаралатә маҵзура ихы иаирхәароуп. 


Анахарала арзаҳал алаҵара аформа жәбар шәылшоит абра - https://sda.gov.ge/?page_id=15534  -  https://sda.gov.ge/?page_id=22311).

 

Иазҿлымҳау ауаҩы адокумент аелектронтә формала ицәыригозар, арзаҳал арегистрациа инаркны хәымш рыҩныҵҟала, аматериалтә формала, иаҭаху адокументқәа зегьы цәыригароуп. 


Арегистрациеи хаҭалатәи аномер анашьареи азы ицәыргатәуп ауаҩы иидентификациазы иаҭаху абарҭ адокументқәа руакы:


- ҧасатәи Асоветтә Социалисттә Республикақәа Реидгыла атәылауаҩшәҟәы, ма Аҧсны ма Цхинвалтәи арегиони рҿы ирыҭоу аира ма ахаҭара зыршаҳаҭуа адокумент;
- Аҧсны ма Цхинвалтәи арегионаҿ  (закәанла) анхара зыршаҳаҭуа иарбанзаалак адокумент;
- абиометриатә фотоҭыхымҭа,  3,5 X 4,5 სმ, аелектронтә формала (афото аҭыхра ҟалоит аҭыҧаҿыҵәҟьа).

 

Иарбан документу Аҧснытәи автономтә республикаҿ ма Цхинвалтәи арегионаҿ  (ҧасатәи Аахыҵ Уаҧстәылатәи автономтә округ) (закәанла) анхара афакт ашьақәырҕәәҕара злаҟало?

 

- ҧасатәи Асоветтә Социалисттә Республикақәа Реидгыла атәылауаҩшәҟәы аҿы ауаҩы инхарҭаҭыҧ иазкны иҟаҵоу анҵамҭа;

- Аҧснытәи автономтә республика аиҳабыра ма ҧасатәи Аахыҵ Уаҧстәылатәи автономтә округ администрациа аҟынтә аилкаа ма ауаҩы зыӡбахәы ҳәоу  аҵакырадгьылаҿ дшынхо афакт шьақәзырҕәҕәо адокумент;

- зықәра наӡам/ацхыраара зауа ауаҩы, иара убас, ауаҩы 1992 шықәса ҧхынҷкәын 31 ашьҭахь дизар,  – иара иира ма ихаҭара зыршаҳаҭуа даҽа документк,  иҭаацәа руаӡәы ма рҩыџьагьы/ахылаҧшҩы Аҧсны ма Цхинвалтәи арегионаҿ дшынхо зыршаҳаҭуа иарбанзаалак адокумент, ма Ахаҭара зыршаҳаҭуа анеитралтә гәраргага /анеитралтә аныҟәаратә документ;
- Аҧснытәи автономтә республикаҿ ма Цхинвалтәи арегионаҿ (ҧасатәи Аахыҵ Уаҧстәылатәи автономтә округ) анхара зыршаҳаҭуа иарбанзаалак документк. 

 

Арегистрациа ахәҧсеи аҿҳәареи  

 

Ауаҩы азинмчы змоу амаҵзураҿы арегистрациа дахысуеит азакәанҧҵарала иазҧхьагәаҭоу адокументқәа рцәыргара инаркны аусуратә жәамш рыҩныҵҟала. Ауаҩы ирегистрациеи хаҭалатәи аномер ианашьареи апроцедура амалаҳа имҩаҧысуеит. 

 

Онлаин арежимаҿ арзаҳал алаҵаразы иарбан атехникатә хархәагақәоу иаҭаху?

 

Онлаир арежимаҿ арзаҳал алаҵаразы ишәҭаххоит авебкамереи, алымҳахаҵақәеи, амикрофони. 

 

Арзаҳал  ашәҟәы иҭагалоу иҭамыҩу ишҧеилкаатәу?

 

Арзаҳал қәҿиарала ашәҟәы иҭаҩзар, арзаҳал аҿы иарбоу аелектронтә ҧошьҭала адырра шәоуеит зыӡбахәы ҳәоу апроцедура қәҿиарала ишымҩаҧгаз азы, уааҵәҟьа ианызаауеит  арзаҳал аномери арзаҳал абара злашәылшо акоди. 


Азгәаҭа: Арзаҳал рыдыркылеит ҳәа иҧхьаӡахоит арзаҳал алазҵо ауаҩы анахаралатә маҵзура аусзуҩ авидеоҵәҵәала диацәажәаны, иашьашәалоу авидеонҵамҭа аныҟарҵалак ашьҭахь. 

 

Иарбан ҭагылазаашьақәоу онлаин арежимла арзаҳал алаҵаразы мап сцәыркыр аныҟало?

 

Анахаралатә маҵзурала арзаҳал алаҵара ҟалоит  арзаҳал иалазҵо ауаҩи арзаҳал адкыларазы азинмчы змоу ахаҿи аелектронтә коммуникациала  ишиашо авизуалтә аимадаразы алшара рымазар, насгьы, иашьашәалоу адокумент аҭаразы азакәанҧҵарала иазҧхьагәаҭоу адокументқәа зегьы цәыргазар. 

 

Инарҭабаау аинформациа шәахәаҧш  - https://sda.gov.ge/?page_id=15534  -  https://sda.gov.ge/?page_id=22311

 

Аимадаразы аинформациа - (+99532) 2401010, (+995 32) 2405405