АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА

Агәабзиарахьчара ахархәара алшара ауаҩы ихадаратә зинуп. Насгьы, апациент агәра ганы дыҟазароуп иара амедицинатә маҵзура бзиа шиоуа, игәабзиара апрофессионалцәа рнапаҿы ишыҟоу, уи аҵакы ду амоуп. 


Убри аҟынтә, Аҧсни Цхинвалтәи арегиони  (закәанла) ирықәынхо ауааҧсыра ирзеиҿкаауп  ауникалтә механизм: иаҭаххар, шәара, зыҩаӡара ҳаракӡоу амедицинатә маҵзурақәа рхархәареи, ҳаамҭазтәи амедицинаҿ иҟоу иҿыцӡоу аихьӡарақәеи азныҟәашьеи шәхы иашәырхәар шәылшоит, уи  шәареи шәҭаацәара алахәылацәеи шәгәабзиара ахьчараҿы ароль хада нанагӡар алшоит. 


Аҵыхәтәантәи аамҭазы агәабзиарахьчара аусхкы аҿы имҩаҧгаз ареформақәа рыбзоурала, Қырҭтәыла амедицинатә маҵзура ауникалтә модель аҧҵоуп, хырхарҭақәак рыла ари амодель адунеиаҿ зеиҧш иҟам иалкаау модельс иҧхьаӡоуп. Абри зегьы абзоурала,  агәабзиара аганахьала проблемақәак шәымазар, зыҩаӡара ҳараку амедицинатә усбарҭақәеи апрофессионалтә медицинатә персонали, хәыда-ҧсада, ҳаамҭазтәи астандартқәеи аметодикеи рыла, амедицинатә маҵзуреи асервисқәеи шәыдаргалоит. 


Шәгәабзиара ашәарҭара иҭашәмыргылан, избанзар, агәабзиароуп зегьы реиҳа ихадоу. 

0

ачымазаҩцәа рыдкылара

0

миллион лари инареиҳаны афинанстә цхыраара