Аиммунизациа

Зхы иазырхәар зылшо ауааҧсыра:

 

Аиммунизациа апрограмма рхы иадырхәар рылшоит Аҧсни Цхинвалтәи арегиони ирықәынхо ауааҧсыра.  


Апрограмма аҳәаақәа:

 

Аиммунизациа аинфекциатә чымазарақәа рпрофилактиказы иреиҕьу хархәагоуп, уи ала иазҧхьагәаҭоуп хәыда-ҧсада аҽыхьчагатә лаҵа аҟаҵара. Апрограмма инақәыршәаны,   амилаҭтә аплантә амзарла иазҧхьагәаҭоу ачымазарақәа рҽацыхьчаратә вакцинациеи хықәкылатәи агәыҧқәа риммунизациеи мҩаҧысуеит, лымкаала:


• атуберкулиоз аҽыхьчаратә лаҵа аҟаҵара  (БЦЖ)

• B агепатит аҽыхьчаратә лаҵа аҟаҵара  (B агепатит)

• адифтериеи, аимҳәаршәааи, атетануси, агемофилтә инфекциа в атипи, аполиомиелити,  В агепатити  рҽацәыхьчаратә лаҵақәа рыҟаҵара. 

• адифтериеи аимҳәаршәааи, атетануси рҽацәыхьчаратә ревакцинациа

• адифтериа – аимҳәаршәаа   - атетанус/инактивациатә полиомиелит аҽыхьчаратә лаҵа

• аполиомиелит аҽыхьчаратә лаҵа  (аоралтә лаҵа, ОПВ)

• абҷи, аџьамҳапари, ахәдарчи рҽацәыхьчаратә лаҵа

• апневмококтә инфекциа аҽацәыхьчаратә лаҵа  (пневмо)

• аротовирустә инфекциа аҽацәыхьчаратә лаҵа  (аоралтә лаҵа, рота)

• ауаҩы ипапиломавирус аҽацәыхьчаратә лаҵа  (апв)

 

Хықәкылатәи агәыҧ авакцинациа иаҵанакуеит: 

 

  • B агепатит аҽацәыхьчаратә лаҵа ачымазара аҿкаара аганахьала ҷыдала ашәарҭа иҭагыло агәыҧ иаҵанакуа ауааҧсыра рзы (адиализ ҟазҵо ауаа, агемофилиа ачымазара змоу ауаа, аинекциатә наркотикқәа здызкыло ауаа,  АИВ-инфекциа/АИДС ала ичмазаҩу ауаа, С агепатит ала ичмазаҩу ауаа, амедицинатә персонал, амедицинатә ҵараиурҭақәа рстудентцәа, B агепатит ала ичмазаҩу ауаҩы иҭаацәара алахәылацәа, B агепатит аинфекциа ахыҵҵырҭаҟны аимадара змоу ауаа, B агепатит адиагностикатә маҵзура иалахәу ауаа);

 

  • Апневмококтә инфекциа аҽыхьчаратә лаҵа ачымазара лаҽқәа   (агипертензиа, агәы аишемиатә чымазареи, ашьақарчымазареи, COPD, астмеи,  аԥсыԥлагаҩагара амаҷра егьырҭ аформақәеи)  змоу,  65 шықәса еиҳаны изхыҵхьоу ауааи, иара убас, амуковисцидоз ачымазара змоу ауааи рзы  (рықәра иахьыҧшымкәа);

 

  • ауаҩы ипапиломавирус аҽыхьчаратә лаҵа  „арыцқьаратә“ раундқәа рымҩаҧгара 13 – 45 шықәса зхыҵуа аҳәса рыгәҭа;

 

  • ауаҩы ипапиломавирус аҽыхьчаратә лаҵа  аҟаҵара  10 – 26 шықәса ақәратә гәыҧ иаҵанакәа арҧарцәа рыгәҭа. 

 

Апрограмма аҽалархәреи ицәыргатәу адокументқәеи:

 

Апрограмма аҽалархәра амзызла, Аҧсны ма Цхинвалтәи арегионаҿ инхо ауаҩҧсы: 

 

  • Ашәҟәҭаҩра ашьаҭала хаҭалатәи аномер ианашьазароуп; мамзаргьы, 
  • Ахаҭара зыршаҳаҭуа анеитралтә агәраргага ма анеитралтә аныҟәаратә документ, мамзаргьы, 
  • Қырҭтәыла атәылауаҩ ихаҭара зыршаҳаҭуа адокумент  имазароуп. 

 

Амедицинатә маҵзура аиуразы, апациент,  авеб-даҟьаҿ иарбоу амедицинатә усбарҭақәа руакы дадҵаалароуп: https://moh.gov.ge/docs/20231207121021-5.pdf   

 

 

Апрограмма аҧара азоужьҭра:

Апрограммала иазҧхьагәаҭоу амедицинатә маҵзура  инагӡаны аҧара азоужьҭуп, апациент аицшәара иқәшәом. 

0

ачымазаҩцәа рыдкылара

0

миллион лари инареиҳаны афинанстә цхыраара