Ачымазарақәа заанаҵы раарҧшреи аскрининги

Изакәызаалак асимптомқәа рыда имҩаҧысуа ачымазарақәа рацәоуп, абри аҩыза чымазарак асимптомқәа анцәырҵлак, ауаҩытәыҩса иԥсҭазаараҵәҟьагьы ашәарҭа иҭагылартә еиԥш ихьшәазар ауеит. Асимптомқәа цәырҵаанӡа ачымазара аарҧшра  ауаҩы иҧсҭазаара еиқәнархар ауеит. 

 

Зхы иазырхәар зылшо ауааҧсыра:

 

Ачымазарақәа заанаҵы раарҧшреи аскрининги апрограмма рхы иадырхәар рылшоит Аҧсни Цхинвалтәи арегиони ирықәынхо ауааҧсыра. . 


Апрограмма аҳәаақәа:

 

Апрограмма хықәкыс иамоуп ачымазара аҿиареи аҧсҭбара ашәарҭара армаҷреи амзызла асимптомқәа цәырҵаанӡа апатологиатә аиҭакрақәа  раарҧшреи еиҧҟьарада аксрининг аиқәыршәареи. 


Амаҵзурала иазҧхьагәаҭоуп аҧаҭра ахәда хәыҷи,  агәыҧҳәи, аколоректалтә акьыбеи аскрининги, апростата акьыба ахылаҧшреи, ахәыҷқәа рыгәҭа абжьаратә ахшыҩтә аҿиара аилагарақәа рпревенциеи, аепилепсиа адиагностикеи ахылаҧшреи, заамҭа аиаанӡа ииз рретинопатиа аскрининги, ашьаҿы атса аилазаара абиомониторинг акомпоненти.  

 

Агәыҧҳәы акьыба аскрининг   рхы иадырхәар рылшоит  40-70 шықәса зхыҵуа аҳәса.  

Зыӡбахәы ҳәоу амаҵзурала иазҧхьагәаҭоуп агәыҳәҧы акьыбазы агәаҭарақәа рымҩаҧгара. Урҭ иреиуп:

 

  • агәыҧҳәы акьыба  мнапыла  агәаҭара;
  • агәыҧҳәы уаталақәа ррентгенографиатә гәаҭара аметод  (амамографиатә гәаҭара) 2  проекциак рҿы (ҩыџьа арадиологцәа хаз-хазы иахәаҧшроуп);
  • апаталогиа аадырҧшыр, егьырҭ агәаҭарақәа рымҩаҧгара, урҭ рыбжьара, агәыҧҳәы аультрабжьытә гәаҭареи, абиопсиеи, иргаз абиопсиатә материал ацитологиатә ҭҵаареи. 

 

Аҧаҭра ахәда хәыҷы акьыба аскрининг  ала иазҧхьагәаҭоуп  абарҭ ауснагӡатәқәа: 25-60 шықәса зхыҵуа аҳәса рзы  аҳақьым/гинеколог иҟны аконсультациеи, агәаҭареи, иашьашәалоу амедицинатә гәаҭарақәа рымҩаҧгареи, лымкаала:

 

  • ПАП-тест (PAP–тест) аҟаҵара;
  • HPV ДНМ аҳәаақәҵара атест аҟаҵара 30 шықәса инаркны 60 шықәсанӡа зхыҵуа аҳәса рзы; 
  • Апатологиатә аиҭакрақәа аадырҧшыр – иашьашәалоу агәаҭарақәа рымҩаҧгара  (аколпоскопиа, абиопсиатә материал агара, агисто-морфологиатә гәаҭара).

 

Аколоректалтә акьыба аскрининг ала иазҧхьагәаҭоуп 50-70 шықәса зхыҵуа ахацәеи аҳәсеи ргәаҭара:

 

  • Иубарҭам ашьацаразы атест ҷыда  (FOBT) аҟаҵара;
  • Апатологиатә аиҭакрақәа аадырҧшыр  - аколоноскопиеи  (ахьаадатәрала ма ахьаадатәра ада), иаҭаххар – абиопсиатә материал агара  (аполип хәыҷқәа рыхҵәарагьы), иргаз абиопсиатә материал агистологиатә ҭҵаара. 

 

Апростатит акьыба ахылаҧшра ала иазҧхьагәаҭоуп  50-70 шықәса зхыҵуа ахацәа ршьаҿы апростата акьыба антиген (PSA) агәаҭара аҭаацәаратә ҳақьым ма иашьашәалоу аспециалист ибжьагарала. 

 

1 шықәса инаркны  6 шықәсанӡа зхыҵуа ахәыҷқәа рҿы усҟак ихьанҭам ахшыҩтә аҿиара аилагара апревенциеи, заанаҵтәи адиагностикеи,  ахшыҩ аҵахара апрофилактикеи   ала иазҧхьагәаҭоуп  ахәыҷы имоторикеи, експрессиатәи арецептикатәи ицәажәашьеи, акоммуникациеи, игәырҵҟәыли, ахатәмаҵзура аганахьала имоу алшареи ахәшьара рыҭара.  

 Ахәыҷы ихшыҩтә ҿиара ақәратә норма иақәшәо-иақәымшәо аилкаара, адиагноз змоу ахәыҷқәа ринтервенциеи рыҿиареи рзы хаҭалатәи апланқәа рышьақәыргылара.

 

Аепилепсиа адиагностика  - иаҵанакуеит аепилепсиа раҧхьатәи адиагностикеи адиагноз ашьақәырҕәҕәара амзызла апациент шьаҭанкыла игәаҭареи. 

 

Аретинопатиа адиагностика  - заамҭа аиаанӡа ииз асабицәа ргәаҭара, уи ала иазҧхьагәаҭоуп раҧхьатәи аскрининги, аҳақьым иконсультациеи,  абинокулиартә афталмоскопиеи; иаҭаххар аскининг аиҭаҟаҵара (изныкымкәа). Анеонаталог иӡбарала, иара убас, игәарҭоит   34-36 агестационтә ақәра змоу, заамҭа аиаанӡа ииз, ихьанҭоу азхьаа здубаало, мамзаргьы  48 сааҭ еиҳаны  абсигенотерапиа зҭаххаз асабицәа. 

 

Ашьаҿы атса аилазаара абиомониторинг акомпонент  ала иазҧхьагәаҭоуп:

 

а) аҳақьым педиатр иконсультациа;

  • Ахәыҷы имахәҿалатәи иҧсихикатә аҿиара ахәшьара аҭара заанаҵы еиқәыршәоу азҵаабҕьыц ала;
  • Ахәыҷы икрыфаратә статус аҳәаақәҵара  − ифатә аҿы авитаминқәеи, акальциуми, аихеи аҟазаара иазкны аинформациа аиура;
  • Ахәыҷы иҭаацәа (изакәантә хаҭарнакцәа) анырра зылшо атса ахыҵхырҭақәа ирызку жәларбжьаратәи абжьагарақәа рырдырра

 

б) Адиагностикатә ҭҵаарақәа рымҩаҧгара:

  • Ашьа азеиҧш анализ
  • Ашьаҿы аферинин аҳәаақәҵара
  • C  ареактивтә протеин 
  • Ачхәраҿы агематин аҳәаақәҵара 
  • Агемоглобин ма агематокрит 
  • Ашьаҿы аиха  аҩаӡара аҳәаақәҵара 
  • Амгәарҭа арентгенографиа 

 

Апациент ишьаҿы аиха аконцентрациа 5 мкг/дл. иаҟаразар, ма еиҳазар,  ари апациент,  аҳақьым иӡбарала, ахәшәқәа рыла деиқәыршәазаауеит (аиха апрепаратқәеи, акальциуми, амультивитаминқәеи рыла).

 

Апрограмма аҽалархәреи ицәыргатәу адокументқәеи:

 

Апрограмма аҽалархәра амзызла, Аҧсны ма Цхинвалтәи арегионаҿ инхо ауаҩҧсы: 

 

  • Ашәҟәҭаҩра ашьаҭала хаҭалатәи аномер ианашьазароуп; мамзаргьы, 
  • Ахаҭара зыршаҳаҭуа анеитралтә  агәраргага ма анеитралтә аныҟәаратә документ, мамзаргьы, 
  • Қырҭтәыла атәылауаҩ ихаҭара зыршаҳаҭуа адокумент имазароуп. 

 

Амедицинатә маҵзура аиуразы, апациент,  авеб-даҟьаҿ иарбоу амедицинатә усбарҭақәа руакы дадҵаалароуп: https://moh.gov.ge/docs/20231207120818-3.pdf   

 

Апрограмма аҧара азоушьҭра:

 

Апрограммала иазҧхьагәаҭоу амедицинатә маҵзура  инагӡаны аҧара азоушьҭуп, апациент аицшәара иқәшәом. 

0

ачымазаҩцәа рыдкылара

0

миллион лари инареиҳаны афинанстә цхыраара