Аҧсны ма Цхинвалтәи арегионаҿ инхо ауаҩы ҿыц ииз асаби иира арегистрациа амзызла, Аҳәынҭқарратә сервисқәа рырҿиара агентра (атәылауаҩратә реестр) иарбанзаалак афилиал ма Аиустициа аҩны дадҵаалароуп, иара убас, Аира аршаҳаҭга аиуразы, анахаралатә маҵзура ихы иаирхәар илшоит.
Атәылауаҩратә актқәа ррегистрациатә орган аира арегистрациа алшоит Аҧсны ма Цхинвалтәи арегионаҿ ауаҩы иоуз адокумент(қәа) рыла, ахәыҷы иира афакт шьақәырҕәҕәазар азинмчы змоу азакәантә орган аҟынтә иоуз акт/адокумент ала, насгьы, зыӡбахәы ҳәоу аҵакырадгьылаҿ иоуз адокумент(қәа) рҿы иарбоу аинформациа агентраҿы иҟоу адыррақәа ирықәшәозар, уи еиҧш адыррақәа иҟазар.
Аира аршаҳаҭга аиуразы ан, аб, ма рҩыџьагьы ирымазароуп Қырҭтәыла атәылауаҩ ихаҭара зыршаҳаҭуа аелектронтә гәраргага, ма Ахаҭара зыршаҳаҭуа анеитралтә гәраргага, ма аныҟәаратә документ, мамзаргьы, фактла дахьынхо аҭыҧаҿ ашәҟәы дҭаҩзароуп Аҧсны ма Цхинвалтәи арегионаҿ инхо ауаҩы иаҳасабала.
Аира арегистрациазы азинмчы змоу аорганахь арзаҳал алеиҵоит:
- Аҳәыҷы иан ма иаб;
- Аҭаацәа руаӡәы игәрага;
- Ахәыҷы дахьиз амедицинатә усбарҭа азинмчы змоу ахаҿы.
Еиҧшәымоу ахаҵеи аҧҳәыси ицәырыргароуп:
- Аиҧшәымаратә шәҟәы;
- Аҭаацәа рхаҭара зыршаҳаҭуа адокумент (рнапаҿы иҟоу, Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рҿы ирыҭоугьы адокументқәа иазҧхьагәаҭазаауеит).
Еиҧшәымам хааҵеи аҧҳәыси ахәыҷы иира арегистрациазы ицәырыргароуп:
- Аҭаацәа рҩыџьагьы рхаҭара зыршаҳаҭуа адокумент (рнапаҿы иҟоу, Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рҿы ирыҭоу адокументқәагьы иазҧхьагәаҭазаауеит);
- Азеиҧш арзаҳал еиҧшәымам ахаҿы ахәыҷы иаб иаҳасабала ирбара иадҳәаланы.
Азгәаҭа: еиҧшәымам аҭаацәа руаӡәы ма рҩыџьагьы рықәра наӡамзар, иара убас ицәыргатәуп – ахәыҷы зықәра наӡам иан, ма/иара убас, иаб иира аршаҳаҭга ма азакәантә хаҭарнак аҩырала иҟаиҵо ақәшаҳаҭра зыӡбахәы ҳәоу ауаҩы ахәыҷы иаб иаҳасабала ашәҟәы ианҵара иазкны.
Еиҧшәымам ан ахәыҷы иира арегистрациазы ицәырылгароуп ахаҭара зыршаҳаҭуа адокумент (лнапаҿы иҟоу, Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рҿы илыҭоу адокументгьы иазҧхьагәаҭазаауеит).
Аҳәыҷы амедицинатә усбарҭаҿ дизар, ахәыҷы иира иазку аилкаа азинмчы змоу аорганахь ирышьҭуеит аелектронтә хархәагала. Мамзар, абри апҟарала иазҧхьагәаҭоу адокументқәа азинмчы змоу аорганаҿ ицәыргатәуп аматериалтә формала.
Иашьашәалоу адокументаҿ иҟоу аинформациа Аҳәынҭқарратә сервисқәа рырҿиара агентра (атәылауаҩратә реестр) адыррақәа релектронтә база ианызар, адокументқәа рцәыргара хымҧадам.
Даҽа ҳәынҭқаррак ала ирыҭоу (ишьақәырҕәҕәоу) адокументқәа (ахаҭара зыршаҳаҭуа адокументқәа рыда) хымҧада ицәыргазароуп иашьашәалоу апҟарала алегализациа азуны, ма апостиль ала агәаҭара ашьҭахь, Қырҭтәыла азакәанҧҵарала иазҧхьагәаҭоу апҟарала игәаҭоу аиҭага ацҵаны, Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрала даҽак иазҧхьагәаҭамзар.
Амаҵзура аҿҳәареи ахәҧсеи
Аира арегистрациа мҩаҧгахоит арегистрациазы закәанла иазҧхьагәаҭоу адокументқәа рцәыргара анеҩстәи аусуратә мшы иахымгакәа.
Аира аршаҳаҭга хәыда-ҧсада ирырҭоит.
Аимадаразы аинформациа - (+995 32) 2 401010; (+995 32) 2 405405.