Зегьирзеиҧшу агәабзиарахьчара апрограмма

Зхы иазырхәар зылшо ауааҧсыра:

 

Зегьирзеиҧшу агәабзиарахьчара апрограмма рхы иадырхәар рылшоит Аҧсни Цхинвалтәи арегиони ирықәынхо ауааҧсыра.  


Апрограмма аҳәаақәа:

 

Зегьирзеиҧшу агәабзиарахьчара апрограмма мҩаҧысуеит 2013 шықәса инаркны, ари апрограмма хықәкыс иамоуп агәабзиарахьчаратә аҧгаҧса змам ауаа амедицинатә маҵзура аиура рылшарц азыҳәан аҧарала реиқәыршәара. 


Зыӡбахәы ҳәоу апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, амедицинатә цхыраара зҭаху ауааҧсыра зегьы зхаҭабзиара ҳараку  амедицинатә цхыраара роуеит. Апрограммала иазҧхьагәаҭоуп хырҧашьа змам, иара убас, аплан иарбоу астационартәи амбулаториатәи маҵзурақәа. 
Зегьирзеиҧшу агәабзиарахьчара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аҧара рзоушьҭуп абарҭ амаҵзурақәа:

 

  • Аплан иарбоу амбулаториатә маҵзура;
  • Хырҧашьа змам амбулаториатә  маҵзура;
  • Хырҧашьа змам астационартә маҵзура;
  • Аплан иарбоу ахирургиа, акардиохирургиагьы уахь иналаҵаны;
  • ахимиатәи, ашәахәатәи, агормонтәи терапиа;
  • ахшараиура;
  • ахшыбаҩ аҿы ашьа аиасра аԥырҟәҟәаара, ахыи аҟәаҟәеи рҿы ааха амшала иҟалаз аҭагылазаашьа аиҭашьақәыргылара; 
  • азеиҧш наркозла астомотологиатә маҵзура ахымҩаҧгашьа ма акоммуникациа аганахьала ауадаҩрақәа змоу, иара убас,  зылшарақәа маҷу ауаа рстатус змоугьы, измамгьы ауаа рзы;
  • ицииз агәы амалыр ахәышәтәра;
  • акохлеартә имплантла аиқәыршәара;
  • ачымазара лаҽқәа зыхәшәтәуа ахәшәқәа рыла аиқәыршәара;
  • аинфекциатә чымазарақәа рхылаҧшра;
  • ахәыҷтәы онкологиатә маҵзура. 


Апрограмма аҽалархәреи ицәыргатәу адокументқәеи:

 

Апрограмма аҽалархәра амзызла, Аҧсны ма Цхинвалтәи арегионаҿ инхо ауаҩҧсы: 

 

  • Ашәҟәҭаҩра ашьаҭала хаҭалатәи аномер ианашьазароуп; мамзаргьы, 
  • Ахаҭара зыршаҳаҭуа анеитралтә агәраргага ма анеитралтә аныҟәаратә документ, мамзаргьы,
  • Қырҭтәыла атәылауаҩ ихаҭара зыршаҳаҭуа адокумент  имазароуп. 

 

Апрограмма зхы иазырхәо ауаҩы, иара ихала, Қырҭтәыла иахьаҵанакуа,  ахәышәтәратә усбарҭа алхра азин имоуп. 

 

Апрограмма аҧара азоушьҭра:

 

Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, ахархәаҩ аицшәара аҳасабала,  10%, 20% ма 30% ашәара иқәшәар ауеит, мамзаргьы,  иоуа амедицинатә маҵзура инагӡаны аҧара азоурышьҭуеит. 

 

Инарҭбаау аинформациа шәахәаҧшhttps://nha.moh.gov.ge/ge/c/102 

0

ачымазаҩцәа рыдкылара

0

миллион лари инареиҳаны афинанстә цхыраара