АИДС аинфекциа ахәышәтәра

Зхы иазырхәар зылшо ауааҧсыра:

 

АИВ-инфекциа/АИДС ахәышәтәра апрограмма рхы иадырхәар рылшоит  Аҧсни Цхинвалтәи арегиони ирықәынхо ауааҧсыра.  


Апрограмма аҳәаақәа:

 

АИВ-инфекциа/АИДС ахәышәтәра апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, апациент амбулаториатәи агоспитальтәи маҵзура иоур илшоит, иара убас, АИДС ахәышәтәратә  (антиретровирустә)  ахәшәқәагьы иоуеит. 

 

Апрограмма аҽалархәреи ицәыргатәу адокументқәеи:

 

Апрограмма аҽалархәра амзызла, Аҧсны ма Цхинвалтәи арегионаҿ инхо ауаҩҧсы: 

 

  • Ашәҟәҭаҩра ашьаҭала хаҭалатәи аномер ианашьазароуп; мамзаргьы, 
  • Ахаҭара зыршаҳаҭуа анеитралтә агәраргага ма анеитралтә аныҟәаратә документ, мамзаргьы, Қырҭтәыла атәылауаҩ ихаҭара зыршаҳаҭуа адокумент  имазароуп. 

 

Амедицинатә маҵзура аиуразы, апациент,  авеб-даҟьаҿ иарбоу амедицинатә усбарҭақәа руакы дадҵаалароуп: https://nha.moh.gov.ge/ge/c/shidsi 

 


Апрограмма аҧара азоушьҭра:

 

Апрограммала иазҧхьагәаҭоу амаҵзура ахарџьқәа зегьы аҳәынҭқарра ихнаҩоит, апациент аҧара ашәара иқәшәом. 

0

ачымазаҩцәа рыдкылара

0

миллион лари инареиҳаны афинанстә цхыраара