Ашьақарчымазара ахылаҧшра

Зхы иазырхәар хылшо ауааҧсыра:

 

Ашьақарчымазара ахылаҧшра апрограмма рхы иадырхәар рылшоит Аҧсни Цхинвалтәи арегиони ирықәынхо ауааҧсыра.  


Апрограмма аҳәаақәа:

 

Ашьақарчымазара ишахәҭоу еиҧш ахылаҧшреи ачымазара ахьанҭахара аҽацәыхьчареи амзызла, апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, апрограмма ахархәаҩцәа, амбулаториатәи агоспитальтәи амедицинатә маҵзуреи, иара убас, зда ҧсыхәа рымам ахәшәқәеи, ашьаҿы ашьақар (аглиукоза) аҩаӡара агәаҭаразы зда ҧсыхәа иҟам егьырҭ ахархәагақәеи роуеит. 


Ашьақарчымазара змоу апациентцәа ирызку амедицинатә маҵзура ахкқәа:

 

  • Амбулаториатә маҵзура:

 

  • 18 шықәсанӡа зхыҵуа, ашьақарчымазара змоу ахәыҷқәеи 18 шықәса еиҳаны изхыҵуа, ашьақарчымазара инаваргыланы алабара зцәыӡыз (алашәцәа), ахшыбаҩлашатә адабла ма/иара уба, ашьақардатә диабет, Даун исиндром, ма Душен-Ерб ичымазара змоу апациентцәа, апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, хәады-ҧсада, аицшәара ада, абарҭ амаҵзурақәа роуеит – аендокринолог иконсультациа/ацклаҧшра, ашьа азеиҧш анализ, ачхәра азеиҧш анализ, амикроалбуминуриаз азы ачхәра анализ, аневролог иконсультациа, ашьаҿы агликоҳемоглобин аҳәаақәҵара, ашьақарчымазара иахылҵыз аблатә чымазарақәа ргәаҭара,  апрограмма ахархәаҩцәеи рҭаацәеи рмедицинатә дырра аиҕьтәреи махәҿалатәи аиҭашьақәыргылара аиқәыршәареи. 

 

  • Апациент аҳақьым изгәылиҩааз ахәшә адоза ариашара иҭахызар, ашьақарчымазара змоу (аинсулин здызкылогьы издызымкылогьы) ауааҧсыра зегьы, рықәра иахьыҧшымкәа, амбулаториатә маҵзура ҷыдақәа рзы аҧара рзоурышьҭуеит, арҭ амаҵзурақәа иреиуп - аҳақьым-ендокринолог ихылаҧшреи, апрограмма ахархәаҩцәа иашьашәалоу амедицинатә дыррақәа рыҭареи, уи еиҧш ахымҧадара ҟалар. Аҳақьым-ендокринолог ибжьагара инақәыршәаны, аҳақьым-специалистцәа рҟны аконсультациақәеи аклиника-лабораториатә ҭҵаарақәеи иацҵаны аҧара рзоурышьҭуеит. 

 

  • Астационартә маҵзура:

 

Акома иҭагылам апациент астационартә маҵзура хәыда-ҧсада ироуеит, аицшәара ада:

  • 18 шықәсанӡа зхыҵуа, ашьақарчымазара змоу ахәыҷқәа; 
  • 18 шықәса еиҳаны изхыҵуа, ашьақарчымазара инаваргыланы алабара зцәыӡыз (алашәцәа), ахшыбаҩлашатә адабла ма/иара уба, ашьақардатә диабет, Даун исиндром, ма Душен-Ерб ичымазара змоу апациентцәа. 

 

  • Амедикаментқәеи анализ аҟаҵаразы иаҭаху амаҭәарқәеи рыла аиқәыршәара:

 

  • Ашьақарчымазара змоу, 18 шықәсанӡа зхыҵуа апациентцәа аинсулини уи аналогқәеи хәыда-ҧсада ироуеит;
  • Ашьақарчымазара змоу, 18 шықәсанӡа зхыҵуа ахәыҷқәеи 18 шықәса еиҳаны изхыҵуа, ашьақарчымазара инаваргыланы алабара зцәыӡыз (алашәцәа), ахшыбаҩлашатә адабла ма/иара уба, ашьақардатә диабет, Даун исиндром, ма Душен-Ерб ичымазара змоу апациентцәеи аҧара рзоурышьҭуеит ашьақарчымазара еиҧҟьарада амониторинги ахылаҧшреи азы иаҭаху ахәшәқәеи анализ аҟаҵара иазку амаҭәарқәеи рзы. 

 

Ашьақарчымазара змоу, 18 шықәсанӡа зхыҵуа ахәыҷқәеи ахбыџқәеи адиабет адиагноз раҧхьаӡа акәны ирзышьақәыргылазар,  хыхь иарбоу амаҵзурақәа инарываргыланы,  апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, иацҵаны ироуеит абарҭ ахархәагақәа:

 

  • ашприц-акалам
  • аинсулин злаҟарҵо агәырқәа
  • аглиукометр -1 цырак 
  • аглиукагон

 

Ашьақардатә диабет змоу апациентцәа рзы иазҧхьагәаҭоуп:

 

  • ахәшәқәа рыла аиқәыршәара;
  • Апациент аҳақьым изгәылиҩааз ахәшә адоза иҧсахыр иҭахызар, ашьақардатә диабет змоу апациентцәа зегьы, рықәра иахьыҧшымкәа, алабораториатә маҵзура ҷыдақәа рзы аҧара рзоурышьҭуеит, арҭ амаҵзурақәа роуп - аҳақьым-ендокринолог ицклаҧшра; иаҭаххар, апрограмма ахархәаҩцәа иашьашәалоу амедицинатә дырра рыҭара. Аҳақьым-ендокринолог ибжьагара инақәыршәаны, аҳақьым-специалистцәа рҟны аконсультациақәеи аклиника-лабораториатә ҭҵаарақәеи иацҵаны аҧара рзоурышьҭуеит. 

 

 

Апрограмма аҽалархәреи ицәыргатәу адокументқәеи:

 

Апрограмма аҽалархәра амзызла, Аҧсны ма Цхинвалтәи арегионаҿ инхо ауаҩҧсы: 

 

  • Ашәҟәҭаҩра ашьаҭала хаҭалатәи аномер ианашьазароуп; мамзаргьы, 
  • Ахаҭара зыршаҳаҭуа анеитралтә агәраргага ма анеитралтә аныҟәаратә документ, мамзаргьы, 
  • Қырҭтәыла атәылауаҩ ихаҭара зыршаҳаҭуа адокумент  имазароуп. 

 

Амедицинатә цхыраара аиуразы, апациент, абри авеб-даҟьаҿ иарбоу амедицинатә усбарҭақәа руакы дадҵаалароу: https://nha.moh.gov.ge/ge/c/1015     

 

Апрограмма аҧара азоушьҭра:

 

Апрограмма акомпонентқәа реиҳара инагӡаны, мамзаргьы, хәҭала аҧара рзоушьҭуп.

 

Инарҭбаау аинформациа шәахәаҧшhttps://nha.moh.gov.ge/ge/c/1015

0

ачымазаҩцәа рыдкылара

0

миллион лари инареиҳаны афинанстә цхыраара