Зхы иазырхәар зылшо ауааҧсыра:
Аҧсихикатә гәабзиара апрограмма рхы иадырхәар рылшоит Аҧсни Цхинвалтәи арегиони ирықәынхо ауааҧсыра.
Апрограмма аҳәаақәа:
Аҧсихикатә гәабзиара апроблемақәа змоу ауааҧсыра рзы амедицинатә маҵзура ахкқәа:
• анхарҭаҭыҧаҿ амбулаториатә маҵзура
• анхарҭаҭыҧаҿ иҟоу амобилтә гәыҧ рмаҵзура
• аҧсихосоциалтә аиҭашьақәыргылара
• ахәыҷқәа рҧсихикатә гәабзиара - амбулаториатәи астационартәи маҵзура
• аҧсихиатриатә кризистә интервенциа амаҵзура 16-65 шықәса зхыҵуа ауааҧсыра рзы
• аҧсихиатриатә стационартә маҵзура ахбыџқәа рзы
• аҧсихикатә аилагарақәа змоу зылшарақәа маҷу ауааҧсыра ахыҵакырҭала реиқәыршәара
Апрограмма аҽалархәреи ицәыргатәу адокументқәеи:
Апрограмма аҽалархәра амзызла, Аҧсны ма Цхинвалтәи арегионаҿ инхо ауаҩҧсы:
- Ашәҟәҭаҩра ашьаҭала хаҭалатәи аномер ианашьазароуп; мамзаргьы,
- Ахаҭара зыршаҳаҭуа анеитралтә агәраргага ма анеитралтә аныҟәаратә документ , мамзаргьы,
- Қырҭтәыла атәылауаҩ ихаҭара зыршаҳаҭуа адокумент имазароуп.
Иашьашәалоу адиагноз змоу апациентцәа зыӡбахәы ҳәоу апрограмма иалахәу аусбарҭақәа рахь идәықәырҵоит.
Апрограмма аҧара азоушьҭра:
Аҧсихикатә гәабзиара апрограммала иазҧхьагәаҭоу амаҵзурақәа инагӡаны аҧара рзоушьҭуп, апациент аҧара ашәара иқәшәом.