Аҧсны ма Цхинвалтәи арегионаҿ унхоит, аконкреттә аалыҵ ааглыхра уалагар иуҭахума, мамзаргьы, ааглыхра уалагахьоума? (иухаумыршҭын, убри азыҳәан уара Аҭынчра афонд агрант уоур улшоит!) Аҳәынҭқарратә реестр амилаҭтә агентра уадҵааланы, анахарала, онлаин арежимла, анаплакҩы иаҳасабала арегистрациа уахыс. Иара убас, уааҵәҟьа, анаплакратә аиуристтә хаҿы аҳасабалагьы арегистрациа улшоит.
Иара убас, аекономикатә усура амҩаҧгаразы ақәшаҳаҭхареи анаплакы ҷыда астатуси шәоурц азыҳәан, аелектронтә хархәагала, Ахашәала амаҵзура шәадҵаалар шәылшоит. Зыӡбахәы ҳәоу астатус абзоурала, аиҟәшаратә цәаҳәа наҟ-ааҟ ахәаахәҭреи абизнес усуреи аан, ахашәалазы ашәахтәи иацҵоу ахәҧсазы ашәахтәи ашәара шәықәшәом.
Ишәхашәмыршҭын, Қырҭтәыла атәылауаҩра шәымамзар, абри зегьы шәылшарц азыҳәан, раҧхьа иргыланы, анеитралтә формала арегистрациа шәахысны, хаҭалатәи аномер жәгароуп. Убри азыҳәан, аелектронтә хархәагала, Аҳәынҭқарратә сервисқәа рырҿиара агентра ма уи иаҵанакәа иарбанзаалак аҵакырадгьылтә маҵзура шәадҵаалароуп, уаҟа анеитралтә сахьала хаҭалатәи аномер шәанаршьоит.
Анаплакы ҷыда астатус аиура зылшода?
Анаплакы ҷыда астатус иоур илшоит Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рҿы аусуразы азин ҷыда змоу, аконкреттә усура мҩаҧызго ахаҿы, иаҳҳәап:
- Аҧсны/Цхинвалтәи арегионаҿ иҟаҵоу ма иааглыху атауар Қырҭтәыла егьи аҵакырадгьыл ашҟа анагара, иара убас, Қырҭтәыла егьи аҵакырадгьыл аҟынтә аалыҵ аеқспорт. Уи аан, Аҧсны/Цхинвалтәи арегион аҟынтә акцизтә атауар аиагара (алкоголь злоу арыжәтәи аҭаҭынлыхи рыда) ҟалом;
- зыӡбахәы ҳәоу ахықәкы анагӡаразы Аҧсны/Цхинвалтәи арегионаҿ аалыҵ ааглыхра;
- Қырҭтәыла егьи аҵакырадгьылаҿ иҟоу атауар Аҧсны/Цхинвалтәи арегион ашҟа анагара.
Анаплакы ҷыда астатус змоу ахаҿы атауар анагара азин имоуп абарҭ аҭагылазаашьақәа мацара раан:
- Аҧснытәи автономтә республика аҵакырадгьыл ашҟа/аҵакырадгьыл аҟынтә – Жәыргьыҭтәи амуниципалитет аҟынтә/амуниципалитет ашҟа;
- Цхинвалтәи арегион аҵакырадгьыл ашҟа/аҵакырадгьыл аҟынтә – Гори амуниципалитет ахырхарҭа аҟынтә/ахырхарҭала.
Иарбан тауару Аҧсны/Цхинвалтәи арегионаҿ иҟаҵоуп ма иааглыхуп ҳәа иҧхьаӡоу?
Аҧсны/Цхинвалтәи арегионаҿ иҟаҵоуп ма иааглыхуп ҳәа иҧхьаӡоуп:
- Аҧсны/Цхинвалтәи арегион адгьыл, аӡы, ма амшын аҵантә иҵху хәарҭара злоу аминералқәа;
- Аҧсны/Цхинвалтәи арегион аҵакырадгьылаҿ иааӡоу ма еизгоу аҵиаатә аалыҵ;
- Аҧсны/Цхинвалтәи арегион аҵакырадгьылаҿ ииз, изызҳаз аҧстәқәа;
- Аҧсны/Цхинвалтәи арегион аҵакырадгьылаҿ ирааӡаз аҧстәқәа рҟынтә аалыҵқәа;
- Аҧсны/Цхинвалтәи арегион аҵакырадгьылаҿ ашәарыцареи аҧсыӡкреи аҟынтә аалыҵқәа;
- Аҧсны/Цхинвалтәи арегион аҵакырадгьылаҿ еизгоу, аӡа аҳасабала мацара аус здыруло анаплакратә операциақәа рцәынхақәеи, ажә-мыжәи, ахархәара змаз амаҭәарқәеи;
- хыхь еиқәыҧхьаӡоу аалыҵқәа ирылхны Аҧсны/Цхинвалтәи арегион аҵакырадгьылаҿ иааглыху атауар;
- Қырҭтәыла егьи аҵакырадгьылаҿ иҟоу атауарқәа, дара Аҧсны/Цхинвалтәи арегион аҵакырадгьылаҿ убас аус рыдулазар, арҭ атауарқәа рҿы адәныҟаекономикатә усура амилаҭтә атауартә номенклатура раҧхьатәи 4 позициак рҟынтә дыргак (цифрак) акәзаргьы, иҧсахзартә еиҧш;
- абри атауар армазеиразы ахархәара змаз амаҭәарқәеи аӡеи Аҧсны/Цхинвалтәи арегионаҿ иҟаҵазар ма иааглыхзар, насгьы, арҭ амаҭәарқәеи аӡеи рыхә ирмазеиу аалыҵ ахә аҟынтә 51% иаҟаразар.
Ашәахтә азинҷыдақәа
Ахыхра азинда иацҵоу ахәҧсазы ашәахтә ашәара аҭахым - Аҧсны/Цхинвалтәи арегионаҿ иаҧҵоу ма иааглыху атауар абри аҵакырадгьыл аҟынтә анаплакы ҷыда астатус змоу ахаҿы иҭара.
Ахыхра азинла иацҵоу ахәҧсазы ашәахтә ашәара аҭахым – анаплакы ҷыда астатус змоу ахаҿы ила атауар Аҧсны/Цхинвалтәи арегион аҵакырадгьыл ашҟа анагара.
Ахашәала азы ашәахтә ашәара аҭахым:
- Аҧсны /Цхинвалтәи арегион аҵакырадгьылаҿ иаҧҵоу ма иааглыху атауар ари аҵакырадгьыл аҟынтә Қырҭтәыла егьи аҵакырадгьыл ашҟа анагара ма/иара убас, Қырҭтәыла егьи аҵакырадгьыл аҟынтә аалыҵ аекспорт иаанагаз ахашәала аизшара.
Абри аҭагылазаашьа аан Аҧсны/Цхинвалтәи арегион аҟынтә акцизтә атауар (алкоголь злоу арыжәтәи аҭаҭынлыхи рыда) аҭара ҟалом.
- Қырҭтәыла егьи аҵакырадгьылаҿ иҟоу атауар Аҧсны/Цхинвалтәи арегионахь анагара.
Анаплакы ҷыда астатус змоу ахаҿы ашәахтәшәаҩы иҧхықәрақәа (ашәахтә агент ифункциагьы) наигӡоит Қырҭтәыла Ашәахтәи ахазалхратәи закәанеидкыла инақәыршәаны.
Астатус анашьареи ахәҧсеи
Ахаҿы анаплакы ҷыда астатус иананашьоит Ахашәалатә маҵзура, иазҿлымҳау ахаҿы ирзаҳал ашьаҭала.
Астатус анашьара аҳәара ҟалоит аҩырала, мамзаргьы, аелектронтә арзаҳал ала - https://eservices.rs.ge/ServiceRequestNew.aspx?p=708.
Арзаҳал аҿы иарбазароуп:
- ахаҿы ирегистрациатә дыррақәа (аидентификациатә номери, ихьӡи, ижәлеи, иҭыӡҭыҧи);
- иааркьаҿны аусура ахцәажәара (аусура ахки уи амҩаҧгара аҭыҧи);
- анаплакы аҿы аус зуа ауааҧсыра (урҭ реиҧш иҟазар) рыхьӡқәеи, рыжәлақәеи, ридентификациатә номерқәеи;
- ахаҿы аусура амҩаҧгаразы ақәшаҳаҭра ҷыда иҭара иазку иашьашәалоу азинтә акт ареквизитқәа.
Анаплакра ҷыда астатус анашьара ахәҧса амам
Ахашәалақәа рзы амаҵзура, аусуратә жәамш рыҩныҵҟала, арзаҳал иахәаҧшны, ахаҿы анаплакы ҷыла астатус ианашьаразы ма ианашьаразы мапкразы аӡбара аднакылоит.
Анаплакы ҷыда астатус анашьара/анашьаразы мапкразы адҵа ҟаиҵоит Ахашәалақәа рзы амаҵзура аиҳабы.
Ахаҿы анаплакы ҷыда астатус имоуп ҳәа иҧхьаӡахоит Ахашәалақәа рзы амаҵзура аиҳабы астатус ианашьара иазкны иҟаиҵаз адҵа акьыҧхь анаба амза анеҩстәи амза арыцхә 1 инаркны, аусура амҩаҧгаразы ақәшаҳаҭра ҷыда иамоу аҿҳәарала.
Ақәшаҳаҭра ҷыда аиура /аҿҳара анагӡара
Ақәшаҳаҭра ҷыда аиуразы ма уи аҿҳәара анагӡаразы, ахаҿы, Ахашәалақәа рзы амаҵзура дадҵаалароуп.
Арзаҳал алаҵара ҟалоит аҩырала, ма аелектронтә формала -
https://eservices.rs.ge/ServiceRequestNew.aspx?p=707.
Арзаҳал аҿы иарбазароуп:
- арзаҳал алазҵаз ахаҿы ихьӡи, ижәлеи, аидентификациатә/хаҭалатәи аномери;
- аусура ахьымҩаҧысуа аҭыҧ иазку аинформациа;
- арзаҳал иалазҵаз ахаҿы иҭыӡҭыҧ;
- аусура иазку инарҭбаау аинформациа;
- аконкреттә усура амҩаҧгаразы ақәшаҳаҭра ҷыда аиура иазку аҳәара, ақәшаҳаҭра ҷыда аҿҳәара иарбаны;
- арзаҳал иалазҵаз ахаҿы иқәшаҳаҭра, Ашәахтәи ахазалхратәи органқәа иара изкны ирымоу аинформациа егьырҭ аҳәынҭқарратә структурақәа ирырҭарц дшақәшаҳаҭу азы;
- арзаҳал алаҵара арыцхә;
- арзаҳал алазҵаз анапынҵа.
- арзаҳал иацзароуп Анаплакҩцәеиинаплакратәым (икоммерциатәым) аиуристтә хаҿқәеиреестр аҟынтә агәылҩаа (уи еиҧш агәылҩаа иҟазар), арзаҳал ахаҭарнакратә зинмчы змоу ахаҿы иалеиҵозар – иара убас, ицәыргатәуп ахаҭарнакратә зинмчы зыршаҳаҭуа иашьашәалоу адокумент.
Аханатә, ахаҿы ақәшаҳаҭра иоуеит 1 шықәсык аҿҳәарала, анеҩс, иазҿлымҳау ахаҿы иҳәарала, аҿҳәара ацҵара ҟалоит арзаҳал аҿы иарбоу аҿҳәарала.
Астатус ҷыда змоу ауаҩы азин имам
- ақәшаҳаҭра ҷыда аиура амзызла иалеиҵаз арзаҳал аҿы иарбоу аусура ада даҽа усурак амҩаҧгара.
Даҽа усурак амҩаҧгара амшала, ауаҩы ианашьаз астатус имырхыр ауеит, убри азыҳәан иашьашәалоу адҵа ҟанаҵоит Ахашәалақәа рзы амаҵзура.
Инарҭбаау аинформациа шәахәаҧш - https://rs.ge/LegalEntityPreferentialTax?cat=4&tab=1
Аимадаразы аинформациа - (+99532) 2299299