Агәабзиара арҕәҕәара

Агәабзиара арҕәҕәара  апрограмма рхы иадырхәар рылшоит Аҧсни Цхинвалтәи арегиони ирықәынхо ауааҧсыра.  


Апрограмма аҳәаақәа:

 

Агәабзиара арҕәҕәара апрограмма хықәкыс иамоуп ауааҧсыра рдырра аиҕьтәреи агәабзиара арҕәҕәара иацхрааша алагылазаара аҧҵареи. Апрограммала иазҧхьагәаҭоуп:

- Аҭаҭын ахара иаҟәыҵыр зҭаху ауаа рзы  „Ацәаҳәа ҷыда“ (116001) ала аҭелтә консультациақәа, аҭаҭын ахара иаҟәыҵыр зҭаху ауаа рзы аҧсихологиатә консультациақәагьы, ахәшәқәа рыла аҽыхәышәтәра амаҵзурақәеи азакәанҧҵаратә регулиациақәеи ирызкны;

 

- аҧсихологиатә цхыраара апрофессионалтә маҵзурала – аҭелтә ма анахаратә режимаҿ (иара убас, ари акомпонент иаҵанакуеит зцәазтәым аҳәса рзы аҧсихологиатә цхыраара  (аимгәадура   13 мчыбжьынӡа). 

 

Апрограмма аҽалархәреи ицәыргатәу адокументқәеи:

 

Апрограмма аҽалархәра амзызла, Аҧсны ма Цхинвалтәи арегионаҿ инхо ауаҩҧсы: 

 

  • Ашәҟәҭаҩра ашьаҭала хаҭалатәи аномер ианашьазароуп; мамзаргьы, 
  • Ахаҭара зыршаҳаҭуа анеитралтә  агәраргага ма анеитралтә аныҟәаратә документ, мамзаргьы, 
  • Қырҭтәыла атәылауаҩ ихаҭара зыршаҳаҭуа адокумент имазароуп. 

 

Апрограмма аҧара азоушьҭра: 

 

Аҧсни Цхинвалтәи арегиони ирықәынхо ауааҧсыра ари амаҵзура роуеит хәыда-ҧсада, аицшәара ада.  

0

ачымазаҩцәа рыдкылара

0

миллион лари инареиҳаны афинанстә цхыраара