Аҧсны ма Цхинвалтәи арегионаҿ (закәанла) шәынхозар, атәыла аҩныҵҟагьы анҭыҵгьы еиуеиҧшым алшарақәеи зда ҧсыхәа иҟам амаҵзурақәеи шәзеиқәзыршәо адокументқәа шәоур шәылшоит.
Ҷыдала шәҭахрақәа рынагӡаразы иаҧҵоуп ауникалтә, анеитралтә документқәа, урҭ азинқәеи алшарақәеи шәзеиқәыршәара мацароуп изызку, иаҳҳәап, зхаҭабзиара ҳараку амедицинатә маҵзура аиуреи еиуеиҧшым апрограммақәа рҽалархәреи, аекономикатә усура алагареи, убри азыҳәан аилахәыра аҧҵареи, акоммерциатә, аҵаратә, аҵарадырратә, мамзаргьы, изакәызаалак даҽа грантк / афинансыркра аиуреи, абанктә ҧхьаӡара аартреи шәылшоит.
Қырҭтәыла атәылауаҩра шәоур, Евроеидгыла/Шенгени адунеи егьырҭ атәылақәеи рахь авизада адәықәлареи абарҭ атәылақәа иреиҕьу руниверситетқәа рҿы аҵареи шәылшоит.
Ишәҭаху адокумент излауа ала ирласны, аелектронтә формалагьы, амалаҳа ишәоурц азыҳәан, ирмариоу аформала, ҧенџьырк апринципла аус руеит ҷыдала шәара шәзы иаҧҵоу асервисқәа.
Абарҭ алшарақәа шәхы иашәырхәа, зхы иақәиҭу ауаажәларра алахәылас шәҟала, ишәҭаху адокументқәа ижәга.