Зхы иазырхәар зылшо ауааҧсыра:
Аҧсны арегион иқәынхо, Қырҭтәыла атәылауаҩра змам ауааҧсыра ирызку аиҭашьақәыргыларатә маҵзура апрограмма рхы иадырхәар рылшоит ари арегион иқәынхо ауааҧсыра.
Апрограмма аҳәаақәа:
Аҧсны арегион иқәынхо, Қырҭтәыла атәылауаҩра змам ауааҧсыра реиҭашьақәыргылареи, рфизикатә гәабзиара аиҕьтәреи, радаптациатә алшарақәа рырҕәҕәареи, рсоциалтә интеграциа ацхраареи.
Аиҭашьақәыргыларатә хәышәтәра акопмонент ала иазҧхьагәаҭоуп 18 шықәсанӡа зхыҵуа ахәыҷқәа рнервтә система ачымазарақәа ма/иара убас, ачымазара алагара инаркны шықәсык анеҩс иҿиааз аҭагылазаашьақәа реиҭашьақәыргылара ҷыдеи, рфизикатә гәабзиара аиҕьтәреи, радаптациатә алшарақәа рырҕәҕәареи, рсоциалтә интеграциа ацхраареи.
Апрограмма аҽалархәреи ицәыргатәу адокументқәеи:
Ауаҩҧсы апрограмма ахархәаҩс дҟаларцаз, Аҧсны арегион иқәынхо ауаҩы/игәрагара змоу ахаҿы Аҧсны амедицинатә усбарҭақәа рҟны акоординациа агентраҿ ма агентра аелектронтә аҭыӡҭыҧла (acmi.abkhazia@gmail.com) ицәыригароуп абарҭ адокументқәа:
- арзаҳал;
- Агәабзиара аҭагылазаашьа иазку аилкаа-аформа №IV-100/а;
- Аҧсны арегионаҿ дшынхо зыршаҳаҭуа адокумент (ахкьыҧхьаа);
- 18 шықәса зхымҵыц ахархәаҩцәа рзы - Аира аршаҳаҭга, иан ма иаб, мамзаргьы ихылаҧшҩы Аҧсны арегионаҿ дшынхо зыршаҳаҭуа адокумент (ахкьыҧхьаа);
- Иара убас, егьырҭ адокументқәагьы цәыргазар ауеит.
Апрограмма аҧара азоушьҭра:
Аҧсны арегионаҿ инхо ауааҧсыра зыӡбахәы ҳәоу амаҵзура роуеит хәыда-ҧсада, аицшәара ада.
Инарҭбаау аинформациазы аҭел шәас - (+995) 551 08 09 84