Аҭынчра афонд

"Аҭынчра афонд иаҳа еиҕьу аҧеиҧш азы“ (Аҭынчра афонд) – 2019 шықәсазы иаҧҵоу  анаплакратәым  (икоммерциатәым) аиуристтә хаҿуп. 

Аҭынчра афонд хықәкыс иамоуп аекономикатә аимадарақәеи абизнес проектқәеи рыла аиҟәшаратә цәаҳәа наҟ-ааҟ инхо, аибашьра амшала азарал зауз ауааҧсыра  рылшарақәа рырҕәҕәареи рсоциал-економикатә ҭагылазаашьа аиҕьтәреи.  

Абри ахықәкы анагӡаразы, Аҭынчра афонд, есышықәса агранттә конкурс мҩаҧнагоит, анеҩс, уи ашьаҭала,  иреиҕьу абизнес проектқәеи аинициативақәеи аҧара рзоурышьҭуеит. 

Аҭынчра афонд аҧара аиуеит жәларбжьаратәи адонорцәа рҟынтә.   

Аҭынчра афонд, ахатә усураҿы напхгас иамоуп аартызаареи, азакәанреи, ахьыҧшымреи, адискриминациа аформақәа зегьы рқәиҭымтәреи, агендертә зинеиҟарара ахьчареи, агрантқәа раиуразы еиҟароу алшарақәа реиқәыршәареи, азарал зауз ауаа реиҷаҳареи апринципла.

 

 

Афонд аҟынтә афинансқәа роуеит:

 

- Аҧсны ма Цхинвалтәи арегионаҿ инхо, 18 шықәса зхыҵхьоу афизикатә хаҿы (ахаҿқәа);

- Қырҭтәыла егьи аҵакырадгьыл иқәынхо,  18 шықәса зхыҵхьоу Қырҭтәыла атәылауаҩ,  агранттә проект Қырҭтәыла атәылауаҩи Аҧсны/Цхинвалтәи арегионаҿ инхо, 18 шықәса зхыҵхьоу афизиакатә хаҿи ари апроект  аиҟәшаратә цәаҳәа аҩ-ганк рҿы еицынарыгӡозар;

- анаплакратә хаҿы

 

 

Афинансқәа ззоурышьҭуа аусхкқәа:

- ақыҭанхамҩатә сектор (иаҳҳәап, афермертә усура, арахәааӡара, аҧсатәааӡара, абаҳчааӡара, аҧсыӡааӡара, ашьхааӡара);

- анаплакратә  сектор  (иаҳҳәап, аус адулареи ааглыхреи).

Аҧара азоурышьҭуеит иахьанӡагьы еиҿкааз абизнес арҭбаарагьы  аекономикатә активра ҿыцгьы. 

 

 

Аҧара ззоурмышьҭуа аусхкқәа:

Амаҵзуратә усхкы иадҳәалоу аекономикатә усура (иаҳҳәап, асасааирҭатәи аресторантәи усура, акрыфаратә обиектқәа, аҽырҧшӡаратә салонқәа, ахәаахәҭратә обиектқәа, авто маҵзура/аӡәӡәарҭақәа, аҵареи аҵарадырреи, амедицина, афинанстә маҵзура, атранспорт, амедиа, аӡыргара, арыцхәтә маҵзура, ауснагӡатәқәа, алогистика, аҭҵаарақәа, ахәмарратә бизнес, иалашыҩку ахәмаррақәа, апрофессионалтә сервисқәа, аполитикатәи, агәыҳалалратәи, арелигиатәи усура) афонд агранттә программала аҧара азоурышьҭуам. 

 

Иара убас, агранттә программала аҧара азоурышьҭуам: ишәарҭоу амаҭәашьарқәа рааглыхра;  Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рҟынтә  Аҧсни Цхинвалтәи арегионаҿ иҟаҵам, иааглыхым атауар Қырҭтәыла егьи аҵакырадгьылашҟа анагара; Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рҿы акцизтә тауар (аҭыҧаҿ иҟаҵоу аҭаҭынлых ма алкоголь злоу арыжәтә ада) ааглыхра.

 

Афинансыркра аҳәаақәа:

Агранттә  программа аҳәаақәа ирҭагӡаны, хархәаҩк афонд аҟынтә иоур илшоит  5,000 лари еиҵамкәа, аха 15,000 лари еиҳамкәа, гәыҧҩык ахархәаҩцәа  -  15,000 лари еиҵамкәа, аха  50,000 лари еиҳамкәа.

 

Аҧара азоушьҭра аформа:

Агранттә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны, ахархәаҩ ицәыриго, иашьашәалоу адокумент ашьаҭала, ахархәага хадақәа изаархәоит, иара убас, иаҭаххар, ааглыхратә процесс алагаразы хымҧада иаҭаху аӡеи  аныхратә маҭәарқәеи изаархәоит. 

Афонд агрант ала иҟалом:

 

  • иеиҭамҵуа амал  (адгьылгьы) аахәара; 
  • даҽа аиҿкаарак ма программак ала аҧара ззоушьҭу ахарџьқәа рыхҩара; 
  • хаҭалатәи ахархәаразы атранспорттә хархәага аахәара, ақыҭанхамҩатә усура иазку ахархәагақәа рыда  (иаҳҳәап, атрактор).

 

Арзаҳал алаҵара :

 

Аҭынчра афонд арзаҳалқәеи апроектқәеи аднакылоит есышықәса имҩаҧнаго  агранттә конкурс аҳәаақәа ирҭагӡаны, аелектронтә хархәагала, ақырҭшәала, урысшәала, ма англыз бызшәала. 

 

Инарҭбаау аинформациа шәахәаҧш - https://peacefundbf.org/.

 

Аимадаразы аинформациа: pfbf@pfbf.org 

img
img
img
  • svg
    Ахашәалахәы ашәахтәқәа рҟынтәи ахақәиҭтәра
  • svg
    анаплакқәа рхашәалахәы ашәахтәқәа рҟынтәи ахақәиҭтәра
  • svg
    иацҵоу ахә азы ашәахтәқәа (ИАА) рҟынтәи ахақәиҭтәра
0

инареиҳаны еицырзеиԥшу абизнес-проектқәа

0

миллион лари акоммерциатә грантқәа